Еиҿагылома Абиблиеи анаукеи?
Абиблиа иану
Мап. Ҳәарада, Абиблиа анаука иазку усумҭаӡам, аха уа анаука иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала иану зегь иашоуп. Шәааи ҳрыхәаԥшып ҿырԥштәқәак. Урҭ аҿырԥштәқәа ишьақәдырӷәӷәоит Абиблиеи анаукеи шеиҿамгыло. Иара убас еилаҳкаауеит анаука аганахьала уа иану афактқәа, Абиблиа анырҩуаз аамҭазы инхоз аӡәырҩы ауаа зыгәра ргоз ишақәымшәоз.
Адунеи иамоуп алагамҭа (Аҟазаара 1:1). Аха ажәытәтәи мифқәак ирҳәоит Адунеи алагамҭа амаӡам, уи ахаос иахҟьаны иҟалеит ҳәа. Вавилонаа агәра ргон Адунеи зхылҵыз анцәақәа ҩ-океанк ирҭыҵит ҳәа. Даҽа легендақәак рҿы иаҳәоит Адунеи идуӡӡаз кәтаӷьк аҟынтә иҟалеит ҳәа.
Адунеи аԥсабара аԥҟарақәа роуп изықәныҟәо, амифқәа рҿы зыӡбахә ҳәоу анцәақәа ирҭаху акәымкәа (Иов 38:33; Иеремиа 33:25). Еиуеиԥшым ажәларқәа рмифқәа ирҳәоит игәымбылџьбароу, зхымҩаԥгашьа аилкаара цәгьоу анцәақәа рҿаԥхьа ауаа акгьы рымчӡам ҳәа.
Адгьыл акгьы иакӡам (Иов 26:7). Ажәытәан инхоз ажәларқәа аӡәырҩы ргәы иаанагон, адгьыл ҟьаԥсуп ҳәа, насгьы уи адау иқәгылоуп, мамзаргьы ԥстәык иақәгылоуп ҳәа, иаҳҳәап, акамбашь ма акәуа.
Аокеанқәеи егьырҭ аҭыԥқәеи рҟынтә аӡы аҳауа иалалоит, анаҩс уи адгьыл ахь ихынҳәуеит ақәа, асы ма акырцх еиԥш. Уи абзоурала аӡиасқәа аӡы рыцлоит (Иов 36:27, 28; Екклезиаст 1:7; Исаиа 55:10; Амос 9:6). Ажәытәан инхоз абырзенцәа ргәы иаанагон аӡиасқәа адгьыл аҵаҟа иҟоу аокеан аӡқәа рыла ауп ишҭәуа ҳәа. Уи аҩыза агәаанагара XVIII-тәи ашәышықәсанӡа иҟан.
Ашьхақәа шьҭыҵуеит, илаҟәуеит. Иахьа иаҳбо ашьхақәа зны аӡы аҵаҟа иҟан (Аԥсалом 104:6, 8). Аха амифқәа ирҳәоит ашьхақәа иахьа ишыҟоу еиԥш анцәақәа иршеит ҳәа.
Ацқьара ауаҩы игәабзиара ахьчоит. Ажәытәан Израиль ирыҭаз азакәан аҿы иаҳәон иԥсыз акы иакьысуаз иҽиӡәӡәар шихәҭаз. Ачымазара ҿкы змаз акарантин иахысыр шрыхәҭаз, иара убас ашьышьмаҭрахьы ианцоз ацқьара аадырԥшлар шрылшоз ирызкыз аԥҟарақәагьы ыҟан (Алевит 11:28; 13:1—5; Ҩынтәзакәан 23:13). Убри аамҭазы Египет ауаа рыхәрақәа рхәышәтәларц азы ауаҩы иуац рхы иадырхәон.
Иҟоума Абиблиаҿы анаука иаҿагыло агхақәа?
Абиблиа аҭҵаара ишаҳнарбо ала, уа ус еиԥш иҟоу агхақәа ыҟаӡам. Абар Абиблиа аганахьала ауаа ирыларҵәоу ииашам гәаанагарақәак:
Амиф: Абиблиаҿы иануп Адунеи 24 сааҭ рыла ишьақәгылоу фымш рыла ишан ҳәа.
Афакт: Абиблиаҿы ианӡам Адунеи шаҟаамҭа рыла ишаз (Аҟазаара 1:1). Аҟазаара 1-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу ашара амшқәа акыраамҭа ицон, аха шаҟаамҭа ицоз ҳаздырӡом. Иара убас адгьыли ажәҩани аншаз апериод зегь Абиблиаҿы «амш» ҳәа азҳәоуп (Аҟазаара 2:4).
Амиф: Абиблиаҿы иануп аҵиаақәа зегь Амра ҟалаанӡа ишан ҳәа, аха амра ада афотосинтез зыҟалаӡом (Аҟазаара 1:11, 16).
Афакт: Абиблиа инақәыршәаны «ажәҩан» иахәҭаку аеҵәақәа зегьы — Амрагьы уахь иналаҵаны — аҵиаақәа раԥхьа ишан (Аҟазаара 1:1). Актәи амш азы, ма актәи ашара апериод азы иԥсаҟьаз амра ашәахәақәа адгьыл аҟынӡа инаӡон. Ашара ахԥатәи амш азы, атмосфера аныцқьаха, Адгьыл ахь афотосинтез апроцесс алагаразы иаҭахыз алашара ааиуа иалагеит (Аҟазаара 1:3—5, 12, 13). Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ауп Адгьыл аҟынтә амра бзианы иубо ианыҟала (Аҟазаара 1:16).
Амиф: Абиблиаҿы иануп Амра Адгьыл иакәшәоит ҳәа.
Афакт: Екклезиаст 1:5 аҿы иануп: «Амра гылоит анаҩс иҭашәоит, нас дырҩегь иахьгыло аҭыԥахь иццакуеит». Аха ара зыӡбахә ҳәоу адгьыл аҟынтә иԥшуа ауаҩы Амра шибо атәы ауп. Ҳаргьы иахьа «амра гылоит», насгьы «амра ҭашәоит» ҳәа ауп ишаҳҳәо. Аха ҳара иаҳдыруеит Адгьыл шакәу Амра иакәшо.
Амиф: Абиблиаҿы Адгьыл ҟьаԥсуп ҳәа ануп.
Афакт: Абиблиаҿы «адгьыл аҵыхәанӡа» ҳәа иану ажәақәа даара ихароу аҭыԥқәа аадырԥшуеит, аха уи иаанагаӡом адгьыл ҟьаԥсуп, ма анҵәамҭа амоуп ҳәа (Аусқәа 1:8). Убас еиԥшҵәҟьа «адгьыл аганқәа зегь рҟынтә» ҳәа иҟоу ажәақәа адгьыл зегь аазырԥшуа метафороуп. Иахьа ҳаргьы «адгьыл аҵыхәанӡа» ҳәа ҳажәа иалоуп (Исаиа 11:12; Лука 13:29).
Амиф: Абиблиаҿы ацәаҳәагьежь аура х-диаметрк ираҟароуп ҳәа ануп. Аха ацәаҳәагьежь ахыԥхьаӡара пи (π) ала ишьҭыху адиаметр, ма 3,1416 раҟара ауп изаҟароу.
Афакт: 1 Аҳцәа 7:23, насгьы 2 Ашықәсынҵа 4:2 инарықәыршәаны «ирҭәоу амшын» адиаметр 10 мышьхәылҵк иҟан, уи «ацәаҳәагьежь ашәага шахала иушәозар, 30 мышьхәылҵ иҟан». Иҟалап арҭ ахыԥхьаӡарақәа ихыркәшаны иԥхьаӡазҭгьы. Иара убас иҟалап «ирҭәоу амшын» ацәаҳәагьежь аура аҩныҵҟатәи аган ала иԥхьаӡазҭгьы, адиаметр — адәахьтәи аган ала.