Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иисус Зегьзымчу Анцәа иоума?

Иисус Зегьзымчу Анцәа иоума?

Абиблиа иану

 Иисус иҿагылаҩцәа Анцәа иҽиаҟараитәуеит ҳәа ахара идырҵон (Иоанн 5:18; 10:30—33). Аха Иисус ахаангьы Зегьзымчу Анцәа иҽиаҟараитәуамызт. Аха, иара иҳәеит: «Саб Сара саҵкыс деиҳауп» (Иоанн 14:28).

 Христос раԥхьатәи ишьҭанеицәа, иара Зегьзымчу Анцәа диаҟароуп ҳәа рыԥхьаӡомызт. Иаҳҳәап, апостол Павел иҩит, Анцәа Иисус иԥсҭаҵарала «зегьы раҵкыс дҳареикит» ҳәа. Убри аҟынтә иубарҭоуп, Павел Иисус Зегьзымчу Анцәа иоуп ҳәа дшиимԥхьаӡоз. Иисус Зегьзымчу иакәызҭгьы, ишԥалшоз уи иҵегь ирҳаракра? (Филиппаа рахь 2:9).