Иҟоума абиблиатә текст аҿы аԥсахрақәа ма аицакрақәа?
Мап. Еиҿдырԥшыз ажәытә напылаҩырақәа иаадырԥшит абиблиатә текст аҽшамԥсахыз, урҭ азқьышықәсақәа рыҩныҵҟа зынҵыра маҷыз аматериалқәа рҿы ишырыҩуазгьы.
Иаанагома уи ахҩылааҩцәа агхақәа ҟарҵаӡомызт ҳәа?
Иахьатәи аамҭазы иԥшаауп зқьыла еиуеиԥшым абиблиатә манускриптқәа. Урҭ рҟынтә иҟоуп ахҩылааҩцәа агхақәа шыҟарҵоз узырбо аиԥшымрақәа. Урҭ аиԥшымрақәа уиаҟара зҵазымкуа роуп, убри аҟынтә атекст аҵакы аԥсахӡом. Аха иҟоуп акрызҵазкуа аиԥшымрақәагьы. Урҭ рахьтә иҟоуп иаҳзырбо ажәытәан зны абиблиатә текст рыԥсахырц шырҭахыз. Ҳрыхәаԥшып ҩ-ҿырԥштәык:
1 Иоанн 5:7 аҟны ажәытә еиҭагақәак рҿы абарҭ ажәақәа аагоуп: «ажәҩан аҿы: Аб, Ажәа, Аԥсы Цқьа; урҭ рыхԥагьы акуп». Аха зыгәра угартә иҟоу анапылаҩырақәа ишьақәдырӷәӷәоит урҭ рҩызцәа ажәақәа аоригинал текст аҿы ишыҟамыз — урҭ нас ауп ианацырҵа a. Убри аҟынтә зыгәра угартә иҟоу иахьатәи Абиблиа аиҭагақәа рҿы урҭ ажәақәа ыҟаӡам.
Анцәа ихьӡ ажәытә библиатә напылаҩырақәа рҟны зқьыла иуԥылоит. Аха имаҷымкәа Абиблиа аиҭагақәа рҿы Анцәа ихьӡ абарҭ атитулқәа рыла иԥсахуп, «Иҳақәиҭу», «Анцәа».
Иабантәиҳдыруеи атекст ишамам иҵегь иҟоу, аха макьана ирымԥшаац агхақәа рацәаны?
Иахьатәи аамҭазы даараӡа ирацәаны анапылаҩырақәа рыԥшаахьеит, уи агхақәа рыԥшаара еиҳа иармариоит b. Иаанарԥшуеи арҭ анапылаҩырақәа реиҿырԥшра иахьатәи Абиблиа шаҟа ииашоу иазкны?
Ауриатә Ҩырақәа ртекст иазкны («Ажәытә Уасиаҭ» ҳәа еицырдыруа) аҵарауаҩ Уильиам Грин иазгәеиҭоит: «Агәра ганы иаҳҳәар ҳалшоит ишыҟам даҽа жәытә ҩымҭак абас ииашаны ҳара ҳҟынӡа иааз».
Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа, ма «Ауасиаҭ Ҿыц», азы абиблиаҭҵааҩ Фридерик Бриус иҳәоит: «Ауасиаҭ Ҿыц иамоу ашьақәырӷәӷәарақәа еиҳа еиҳауп гәрамгарҭас аӡәгьы ахаан ишьҭимхуа аклассикатә шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ирымоу ашьақәырӷәӷәарақәа раасҭа».
Абиблиатә напылаҩырақәа рыҭҵаара аганахьала авторитет ду змоу сер Фредерик Кенион алкаа ҟаиҵеит ақьырсиан Абиблиа анышьҭихуа, дымшәаӡакәа, дымлакҩакӡакәа иҳәар шилшо «ашәышықәсақәа иргәылсны, псахра ӷәӷәақәак амаӡамкәа, биԥарак аҟынтә даҽа биԥарак ахь ииасуаз, нас ҳара ҳҟынӡа иааз Анцәа Иажәа ахаҭа инапы ишаку».
Избан иҵегь иаҳҳәар зҳалшо абиблиатә текст ииашаны еиҭагоуп ҳәа?
Ауриатә хҩылааҩцәеи ақьырсиантә хҩылааҩцәеи ԥсахрада иаанрыжьит Анцәа ижәлар иҟарҵаз агха ӷәӷәақәа рыӡбахә ахьҳәоу атекст ахәҭақәа c (Ахыԥхьаӡарақәа 20:12; 2 Самуил 11:2—4; Галатаа 2:11—14). Дара атекст аҿы ауриацәа аҳәатәхамҵаразы иахьрықәыӡбоз, насгьы ауаа ирхәыцыз аҵарақәа ахьҿаԥырҽуаз аҭыԥқәа аанрыжьит (Осиа 4:2; Малахиа 2:8, 9; Матфеи 23:8, 9; 1 Иоанн 5:21). Ахҩылааҩцәа абарҭ рҩызцәа ахҭысқәа атекст аҿы ишыҟаҵәҟьаз иахьаанрыжьыз иаанарԥшит урықәгәыӷыртә ишыҟаз, насгьы Иԥшьоу Анцәа Иажәа ҳаҭыр ду шақәырҵоз.
Абиблиа Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩызар, Анцәа атекстгьы акгьы амыхьырц азы, ишыҟаҵәҟьоу иаанхарц азы дахыламԥшӡози? d (Исаиа 40:8; 1 Пиотр 1:24, 25) Анцәа ииҭахыз Абиблиа ажәытәан инхоз ауаа хәарҭа рзаанагаларц мацара акәӡамызт, иахьа инхо ауаагьы хәарҭа рзаанагаларц иҭахуп (1 Коринфаа 10:11). Абиблиа ахаҭа иаҳәоит: «Аханатә аахыс ирыҩуаз зырҩуаз ҳара ак ҳнарҵарц азоуп, убри аҟынтә ҳара агәыӷра ҳамоуп, избанзар Аҩыра амч ҳнаҭоит, насгьы ачҳара аарԥшуа, ауадаҩрақәа рыхгара иҳацхраауеит» (Рим. 15:4).
Иисус иҵаҩцәеи иареи Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа рҟынтә ацитатақәа ааргон, аха ахаангьы ишәаӡомызт атекст еицакуп ҳәа (Лука 4:16—21; Аусқәа 17:1—3).
a Арҭ ажәақәа анӡам Синаитәи акодекс аҿы, Александриатәи акодекс аҿы, Ватикантәи анапылаҩыра 1209 аҿы, алаҭын Вульгата аоригинал текст аҿы, Филоксентәи, насгьы Гераклиатәи сириатәи аиҭагақәа рҿы, иара убас сириатәи Пешитта аҿы.
b Иаҳҳәап, 5 000 инареиҳаны Ауасиаҭ Ҿыц ҳәа изышьҭоу, мамзаргьы Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа, рнапылаҩырақәа бырзен бызшәала иԥшаауп.
c Абиблиаҿы Анцәа имаҵзуҩцәа агәнаҳа ҟазымҵо ауаа реиԥш иаарԥшӡам. Уа иҳәоуп: «Дыҟаӡам гәнаҳа ҟазымҵо ауаҩы» (1 Аҳцәа 8:46).
d Абиблиа инақәыршәаны, Анцәа уи зыҩуаз иану зегьы ажәа-жәала ирыҵеиҳәаӡомызт, иара урҭ рыхшыҩ мҩақәиҵон (2 Тимофеи 3:16, 17; 2 Пиотр 1:21).