Ауриацәа рахь 10:1—39

  • Кәырбанс инауго аԥстәқәа угәнаҳақәа ухырхӡом (1—4)

    • Азакәан — агага заҵәык ауп (1)

  • Христос знызаҵәык ауп ихы кәырбанс иахьнеигаз (5—18)

  • Аԥсҭазаарахь ҳназго амҩа ҿыц (19—25)

    • «Ҳаизарақәа аанҳмыжьлап» (24, 25)

  • Ишудыруа агәнаҳа аҟаҵара аганахьала агәҽанҵара (26—31)

  • Агәымшәареи ахаҵареи ачҳара аарԥшны зегь ахгара иуцхраауеит (32—39)

10  Азакәан — ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу абзиарақәа рыгага заҵәык ауп, урҭ абзиарақәа рхаҭа акәӡам. Убри аҟынтә уи* есышықәса инарго акәырбанқәа рыла Анцәа имҵахырхәо наӡаны изыҟанаҵаӡом. 2  Изыҟанаҵозҭгьы, анаҩсгьы акәырбанқәа рнагара аҭаххозма? Анцәа имаҵзуҩцәа знык рҽыдрыцқьазҭгьы, рыгәнаҳақәа рзы рыламыс уаҳа иаргәаҟлаӡомызт. 3  Аха урҭ акәырбанқәа есышықәса ауаа рыгәнаҳақәа ргәаладыршәоит, 4  избанзар ацәқәеи аџьмақәеи ршьа угәнаҳақәа ухырхӡом. 5  Убри аҟынтә ари адунеи ахь данаауаз, иара ус иҳәеит: «„Ашьтәақәеи акәырбанқәеи уара иуҭахымхаӡеит, уара сара сзы ацәеижь урхиеит. 6  Ишеибгоу ирбылуа акәырбанқәеи агәнаҳа азы акәырбанқәеи уара угәы ҟарҵаӡомызт“. 7  Усҟан сара исҳәеит: „Сара сзааз (сыӡбахә ашәҟәеикәарҳә иануп) уара иуҭаху насыгӡаларц азоуп, Сынцәа“». 8  Раԥхьа иара иҳәеит: «Уара ашьтәақәеи, акәырбанқәеи, ишеибгоу ирбылуа акәырбанқәеи, агәнаҳа азы акәырбанқәеи уҭахымхаӡеит, урҭ угәы ҟарҵаӡомызт». (Урҭ акәырбанқәа закәанла иҟаҵатәыз кәырбанқәан.) 9  Нас иара иҳәеит: «Сара сзааз уара иуҭаху насыгӡаларц азоуп». Иара актәи аԥихуеит, аҩбатәи шьақәирӷәӷәарц азы. 10  Анцәа «ииҭаху» инақәыршәаны, Иисус Христос ицәеижь знызаҵәык кәырбанс иахьнеигаз абзоурала ҳара ҳаԥшьаны ҳҟаҵан. 11  Аԥшьаҩы есыҽны иҭыԥ ааникылоит, имаҵзура наигӡарц, насгьы зныкымкәа акәырбанқәа неигарц азы, аха урҭ акәырбанқәа аҵыхәтәанынӡа угәнаҳақәа ухыхра рылшаӡом. 12  Христос иакәзар, кәырбанк ауп инеигаз. Уи наӡаӡа угәнаҳақәа ухнахуеит. Уи ашьҭахь иара Анцәа иарӷьараҿ дтәеит. 13  Убри аахижьҭеи иаӷацәа ишьапаҿы ианышьҭаҵахо аамҭа дазыԥшуп. 14  Кәырбанк ала иара иԥшьахаз наӡаӡа инаӡаны иҟаиҵеит. 15  Иԥшьоу адоуҳагьы уи ус шакәу агәра ҳнаргоит. Иара иаҳәоит: 16  «„Абар урҭ амшқәа рышьҭахь дареи сареи иҳабжьасҵо аиқәшаҳаҭра, — иҳәоит Иегова*. — Сара сзакәанқәа урҭ ргәы иҭасҵоит, рыхшыҩ иҭасыҩуеит“». 17  Уи ашьҭахь иаҳәоит: «Сара урҭ рыгәнаҳақәеи рус цәгьақәеи уаҳа исгәаласыршәаӡом». 18  Угәнаҳа ануанажьха, агәнаҳа азы акәырбан анагара аҭаххаӡом. 19  Убри аҟынтә, сашьцәа, Иисус ишьа абзоурала ҳара ҳамшәаӡакәа иԥшьоу аҭыԥ* ахь ҳнеир ҳалшоит. 20  Иара уахь аԥарда ала, даҽакала иуҳәозар, ицәеижь ала, амҩа ҳзааиртит. Уи аԥсҭазаарахь ҳназго мҩа ҿыцуп. 21  Ҳара Анцәа иҩны иахагылоу аԥшьаҩ ду дҳамоуп азы, 22  шәааи, ахаҵара ӷәӷәа аарԥшны, гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ ҳаулап, ҳгәи ибжьысу ҳаламыси ҳрыцқьап*, аӡы цқьала ҳцәеижь ҳкәабап. 23  Шәааи ҳааҟәымҵӡакәа, лакҩакрак ҟамҵаӡакәа, ҳгәыӷра аӡбахә ҳҳәалап, избанзар ажәа ҳазҭаз уиқәгәыӷыртә дыҟоуп. 24  Аӡәи-аӡәи ҳаизхәыцлап*, абзиабара аарԥшреи аус бзиақәа рыҟаҵареи ҳгәазҭеибаҵалап. 25  Шьоукы шьцыларас ишроуз еиԥш, ҳаизарақәа аанҳмыжьлап, аӡәи-аӡәи ҳагәқәа шьҭибахлап. Уи амш еиҳа-еиҳа иааигәахоит азы, шәааи уи зегьы еиҳагьы ҳгәы-ҳаԥсы ақәкны иҟаҳҵалап. 26  Ииашоу, иҵаулоу адыррақәа шҳаузгьы, ишаҳдыруа агәнаҳа ҟаҳҵозар, ҳагәнаҳақәа рзы инаугар алшо уаҳа даҽа кәырбанк ыҟаӡам, 27  иҟоу — ҳшәаԥырҳаԥуа ҳаззыԥшу аӡбареи Анцәа иҿагыло ықәызхуа, амцаԥшь иаҩызоу агәыԥжәареи роуп. 28  Моисеи изакәан хьаас изымкыз ауаҩы ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ирҳәо ала ашьра иқәырҵоит. Уи аҩыза ауаҩы дрыцҳаршьаӡом. 29  Шәгәы ишԥаанаго, Анцәа Иԥа датәамбакәа иӷрагылаз, дыԥшьаны дҟазҵаз аиқәшаҳаҭра ашьа зынӡа ахә зымшьаз, ҳзыԥсам ақьиара ҳазҭо Анцәа идоуҳа иакәым азызҳәаз еиҳа еицәоу ихәҭаӡами? 30  Ҳара даҳдыруеит абас зҳәаз: «Ашьоура зду сара соуп, урҭ ирықәнагоу иақәсыршәоит». Иара убас: «Иегова ижәлар рус иӡбоит». 31  Зыԥсы ҭоу Анцәа импыҵашәара даараӡа ишәарҭоуп! 32  Ишәхашәмыршҭлан алашара аныжәба ашьҭахь агәаҟрақәа шәышрықәшәаз, аха урҭ зегь шышәхыжәгаз. 33  Зны-зынла зегьы ишырбоз* иҟоу зегь шәзырҳәон, иҟоу зегь шәзаарцон, зны-зынлагьы ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа ирықәшәоз ргәаҟрақәа рыцеиҩышәшон*. 34  Шәара абахҭа иҭакыз рыцҳашәшьон, ишәымаз-ишәыхӡыз аншәымырхуаз, агәырӷьара шәцәыӡӡомызт, избанзар ижәдыруан еиҳа еиӷьу, насгьы наӡаӡа иҟоу амазара шшәымоу. 35  Убри аҟынтә агәымшәара шәцәымӡын*, усҟан аҳамҭа ду шәоуеит. 36  Шәара ачҳара шәҭахуп, Анцәа ииҭаху анынашәыгӡалак, шәызқәыргәыӷу шәоурц азы. 37  Избанзар «маҷк ауп иаанхаз», «амҩа иқәу дааиуеит, дагхаӡом». 38  «Суаҩ иаша иакәзар, ихаҵара абзоурала дынхалоит», аха «дсыцәхьаҵыр, сгәы ихшәоит». 39  Ҳара ихьаҵуа, иҭахо ҳреиуаӡам, ҳара ахаҵара змоу, зыԥсы еиқәзырхо роуп ҳзеиуоу.

Албаагақәа

Мамзаргьы иҟалап «ауаа».
Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ма «Зегь реиҳа иԥшьоу аҭыԥ».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ирықәҳарԥҟҟап». Зыӡбахә цо Иисус ишьа ақәырԥҟҟара ауп.
Ма «ҳаизҿлымҳазаап».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «атеатр аҟны еиԥш».
Ма «шәрывагылан».
Ма «анаҩсгьы шәымшәаӡакәа шәцәажәала».