Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 111

Агәырӷьаразы амзызқәа

Агәырӷьаразы амзызқәа

(Матфеи 5:12)

  1. 1. Иахьыҵыҵуа анасыԥ гәаҳҭеит,

    Иҭамбаӡо ӡыхьуп иара.

    Ирылшоит ибырлашу ажәлар

    Еснагь уаҟа ргәаҵа арҭәра.

    Агәырӷьараз амзызқәа ҳамоуп —

    Ҳазшаз уи дазылԥхоит, ишәҭуеит.

    Ианҭаҳҵаауа Иажәа ҵаула,

    Ҳхаҵара мшызҳа иазҳауеит.

    Агәырӷьара амзызқәа ыӡуам,

    Урҭ амцабзгьы ркуп ижжаӡа.

    Акрычҳара ҳаиҭоит Иегова,

    Ишҳаҩымсуагь ҳхьаа зынӡа.

    АХАПА

    Иегова ҳиргәырӷьеит рацәа,

    Ишамҭақәа имч ду ҳдырбоит.

    О, аразра илоу ӷәӷәоузеи шаҟа!

    Иҟәышра ҵаула ҳирбоит.

  2. 2. Иџьаҳшьеит, ҳагьышанхеит даара,

    Ҳанрыхәаԥшуаз адгьыл, амшын.

    Анцәа цқьа иҟазара зныԥшуа

    Ашамҭа шәҟәы ҳҿаԥхьа иаартын.

    Игәырӷьахәу Аҳра шииз ажәабжь

    Ауаа ираҳартә иҟаҳҵап.

    Азылԥхара ссирқәагьы шҳауа

    Ҳарҭ адгьыл иахыҵәартә иаҳҳәап.

    Инымҵәо агәырӷьара ааиуеит —

    Аҵх ниасуеит, амшгьы ааԥшуеит.

    Анцәа ажәҩан ҿыц шьақәиргылоит,

    Ацәҳәыра абаҳчеиԥш ишәҭуеит.

    АХАПА

    Иегова ҳиргәырӷьеит рацәа,

    Ишамҭақәа имч ду ҳдырбоит.

    О, аразра илоу ӷәӷәоузеи шаҟа!

    Иҟәышра ҵаула ҳирбоит.

(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 16:15; Ис. 12:6; Иоанн 15:11.)