АХЫ 16
Лара ҟәыӷарыла, гәымшәарыла, насгьы хамеигӡарыла лхы мҩаԥылгон
1—3. а) Иарбан цәаныррақәаз илымаз Есфирь, лхаҵа дахьтәаз аҳ итәарҭа ҭыԥ даназааигәахоз? б) Иахиҳәаазеи аҳ Есфирь лаара?
ЕСФИРЬ ашьшьыҳәа аҳ итәарҭа ҭыԥ ахь анеира даҿын. Лара лгәы ӷәӷәала еисуан. Суза игылаз аҳ ихан азал ду аҿы итәарҭа ҭыԥ ахьыҟаз убриаҟара иҭынчран, Есфирь лшьаҿақәа еихылгацыԥхьаӡа урҭ рышьҭыбжьи илшәыз амаҭәа лыԥшаах ашәыршәырбжьи лаҳауан. Лара аҳ ихан злархиаз иблахкыгаз арԥшӡагақәеи, агәашьа дуӡӡақәеи, ливантәи аныз иалхыз иҭаԥҟаз аҭуани раха лымамызт. Лара лыхшыҩ зегь ззышьҭыз аҳ итәарҭа ҭыԥ аҿы итәаз лыԥсҭазаара знапаҿы иҟаз ауаҩы иакәын.
2 Аҳ ахьтәы скипетр Есфирь лахь ирханы, илаԥш лхымгакәа лыхәаԥшра даҿын. Уи иаанагон лыԥсҭазаара шеиқәырхахо. Убасала аҳ илеилиркааит ишланаижьуа лыгха — ааԥхьарада иара иахь дахьааз азы. Есфирь аҳ итәарҭа ҭыԥ дазааигәахан, аскипетр ахы дахькьысит, уи иаанагон аџьшьара шаалырԥшыз (Есф. 5:1, 2).
3 Аҳ Ахашверош иҭеиҭыԥш иаанарԥшуан имаз амал дуи имчреи. Усҟантәи аамҭазы аџьамтә монархцәа раҳратә шәҵатәқәа, иахьатәи аԥарала иуԥхьаӡозар, шә-миллионла адолларқәа ирыԥсан. Аха иҟалап Есфирь амч ду змаз лхаҵа илакҭа ахаара хылбаалозҭгьы, избанзар уи иара итәала лара бзиа дибон. Иара иҳәеит: «Баазгазеи, аҳкәажә Есфирь? Иарбан а́ҳәароу ибымоу? Аҳра абжа баҳәаргьы, ибыҭахоит!» (Есф. 5:3).
4. Иарбан уадаҩраз Есфирь лаԥхьаҟа илзыԥшыз?
4 Есфирь иналукааша агәрахаҵареи агәымшәареи аалырԥшит, лыжәлар ақәхра аҟынтә еиқәлырхарц аҳ иахь даннеи. Макьана зегьы бзианы ицон, аха зегь раасҭа иуадаҩыз аԥхьаҟа илзыԥшын. Лара амонарх ԥагьа агәра илыргар акәын зегь рыла зыгәра игоз абжьагаҩ дшыцәгьауаҩу, насгьы Есфирь лыжәлар рықәхразы маанала аҳ дазыҟазҵаз шиакәу. Ишԥаҟалҵари уи лара? Насгьы иаҳнарҵар алшозеи лҿырԥшы?
Лара ҟәыӷарыла «ацәажәара аамҭа» алылхит
5, 6. а) Лхы ишԥалырхәеи Есфирь Екклезиаст 3:1, 7 аҿы иану апринцип? б) Ишԥаалырԥши Есфирь аҟәыӷара лхаҵа даниацәажәоз?
5 Далагама Есфирь ақьаҳиацәа ишраҳауаз аҳ зегьы изеиҭаҳәара? Усҟан лара ауаа зегьы ишраҳауаз лхаҵа длалырҟәыр ауан, уи адагьы Аман ихы ириашартә алшара иоуан. Лхы шԥамҩаԥылгеи Есфирь? Ашәышықәсақәа раԥхьа иҟәыӷаз аҳ Соломон Анцәа идоуҳала иҩит: «Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп... аҿымҭра аамҭа, насгьы ацәажәара аамҭа» (Еккл. 3:1, 7). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Есфирь илызҳацыԥхьаӡа лабԥса, Анцәа ицәшәоз Мардохеи, урҭ апринципқәа шылирҵоз. Лара ибзианы еилылкаауан шаҟа ихадаз хшыҩзышьҭрала «ацәажәара аамҭа» алхра.
6 Есфирь илҳәеит: «Аҳ игәаԥхара иаҵанакуазар, аҳ Аман дицны иара изы исырхиаз ачарахь иахьа днеиааит» (Есф. 5:4). Аҳ уи дақәшаҳаҭхеит, Амангьы диманы дцеит. Иазгәашәҭ шаҟа ҟәыӷарыла Есфирь лхы мҩаԥылгаз. Лара лхаҵа ипату лалмырҟәӡеит, насгьы лхы азылкит лгәы змырҭынчуаз атәы изеиҭаҳәара еиҳа ианаалоз аҭагылазаашьаҿы. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 10:19.)
7, 8. Ишԥамҩаԥыси ачара актәи амш, насгьы избан Есфирь лыҳәара атәы аҳ иаҳәаразы аамҭа зылгоз?
7 Ҳәарада, Есфирь зегь рыла лхаҵа игәы дақәшәарц азы, ачара бзианы еиҿылкааит. Иара убас аҳ игәалаҟазаара бзиазарц азы, ачараҿы иҟан иреиӷьыз аҩы (Аԥсал. 103:15 [104:15, АдҾ]). Ахашверош ачара игәаԥхеит, нас дырҩегь Есфирь длазҵааит иарбан а́ҳәароу илымоу ҳәа. Иааима уажәшьҭа «ацәажәара аамҭа»?
8 Есфирь ус лгәы иаанагомызт. Лара аҳ диҳәеит Аман дицны ачарахь адырҩаҽынгьы даарц (Есф. 5:7, 8). Избан лара аамҭа зылгоз? Аҳратә усԥҟа излаҳәоз ала, лыжәлар зегь аԥсра рзыԥшын. Убри дазхәыцны, Есфирь ианаалоз аамҭа алылхыр лҭахын. Убри аҟынтә лара дыԥшырц, насгьы лхаҵа даара пату шиқәылҵо дырҩегь илырбарц лыӡбеит.
9. Избан ачҳара ахә зыҳараку, насгьы ишԥаҳалшо ҳара уи аҟазшьа аарԥшраҿы Есфирь лҿыԥшра?
Ажәамаанақәа 25:15 аҿы иануп: «Ачҳарала анапхгаҩы уҳәатәахьы дааугар улшоит, насгьы абз хаа абаҩ ԥнаҵәоит». Ҳара Есфирь леиԥш ачҳара аарԥшны ианаало аамҭа ҳазыԥшызар, насгьы ҭынч ҳцәажәозар, даара иӷәӷәоу аҿагылараҵәҟьагьы ҳаиааиуеит. Дырзылԥхама Анцәа Иегова Есфирь лычҳареи лҟәыӷареи?
9 Ачҳара — ари лассы-лассы иуԥымло, насгьы даара зыхә ҳараку ҟазшьоуп. Есфирь даара дышгәырҩозгьы, насгьы аҳ зегьы изеиҭалҳәарц шылҭахызгьы, лара ачҳара аарԥшны ианаалоз аамҭа дазыԥшын. Лҿырԥшы иаҳнарҵо рацәоуп. Зны-зынла ҳара иӡбатәу уадаҩрак гәаҳҭоит. Амчра змоу ауаҩы уи ауадаҩра нап аиркыртә агәра иҳаргарц ҳҭахызар, иҟалап ҳара Есфирь лҿырԥшы ҳақәныҟәаны, ачҳара аарԥшра ҳахәҭазар.Ачҳара аиашаразы амҩа аанартуеит
10, 11. Избан ачара актәи амш ашьҭахь Аман игәалаҟазаара аҽзаԥсахыз, насгьы иабжьыргазеи иԥшәмаԥҳәыси иҩызцәеи?
10 Есфирь лычҳара абзоурала ахҭысқәа иаалырҟьаны рҽырыԥсахит. Аман ачара аҟынтә дцеит агәалаҟазаара бзиа иманы, «дгәырӷьахәха, насгьы длахҿыхӡа», избанзар аҳгьы аҳкәажәгьы иара иахь аҳаҭырқәҵара ду аадырԥшит. Аха иара ахан аҟынтә дандәылҵуаз, дибеит Мардохеи — еснагь еиԥш иара иахь ҳаҭыр аазмырԥшуаз ауриа. Ҳазхысыз ахаҿы ишҳәаз еиԥш, Мардохеи ус ихы зымҩаԥигоз уи дахьатәеимбоз азы акәӡамызт, аха иара иламыс иҵанаҳәоз дахьазыӡырҩуаз, насгьы Анцәа Иеговеи иареи ирыбжьаз аиҩызара арӡра ахьиҭахымыз азы акәын. Убасҟан «Аман Мардохеи игәаӷ икит» (Есф. 5:9).
11 Аман уи аӡбахә иԥшәмаԥҳәыси иҩызцәеи ианырзеиҭеиҳәа, дара иабжьыргеит 20 метра еиҳаз ашьаҟа дуӡӡа иргыларц, насгьы Мардохеи уаҟа икнаҳаразы аҳ азин имихырц. Аман ирҳәаз игәаԥхеит, нас иаразнак адҵа ҟаиҵеит ашьаҟа дырхиарц (Есф. 5:12—14).
12. Избан аҳ адҵа зыҟаиҵаз рыбжьы ҭганы аофициалтә ҭаҩрақәа рышәҟәы изаԥхьаларц, насгьы еиликаазеи уи аҟынтә?
12 Аха иара игәҭакқәа наӡараны иҟамызт. «Уи ауха аҳ дзыцәомызт»,— аҳәоит Абиблиа. Убасҟан иара адҵа ҟаиҵеит рыбжьы ҭганы аофициалтә ҭаҩрақәа рышәҟәы изаԥхьаларц. Иара иҿагыларазы еиҿкааз ачарҳәара атәы изаԥхьеит. Нас уи ахҭыси ачарҳәаҩцәа шыршьызи игәалашәеит. Аха ихьзеи уи ачарҳәара рыҵыздырааз Мардохеи? Аҳ дазҵааит Мардохеи пату шԥаиқәырҵеи ҳәа. Иаҳазеи иара ҭакс? Иара изы акгьы ҟаҵамызт. (Шәаԥхьа Есфирь 6:1—3.)
13, 14. а) Иарбан ҭагылазаашьоу Аман дызҭагылаз ахҭысқәа рҽанырыԥсах? б) Иарҳәазеи Аман иԥшәмаԥҳәыси иҩызцәеи?
13 Дыгәжәажәо, аҳ дҵаа́ит ираҩрыжьыз арҽеиразы ақьаҳиацәа рҟынтә ицхраара зылшарыда ҳәа. Абар ақьаҳиацәа зегьы рҟынтә ашьыжь шаанӡа ахан ахь даакылсит Аман,— иҟаларын иара ӷәӷәала иҭахызҭгьы Мардохеи ишьразы азин иоурц. Аха аҳ иеиҳәарц ииҭахыз иҳәаанӡа, Ахашверош уи диазҵааит аҳ иҟынтә аразра иаԥсахаз ауаҩы ҳаҭыр шԥаиқәҵатәу ҳәа. Аман аҳ зыӡбахә иҳәоз иара иакәыз џьишьан, ацеремониа ду ихәыцит: ус еиԥш иҟоу ауаҩы аҳратә маҭәа ишәҵатәуп, насгьы еицырдыруа ақьаҳиа дицҵаны, аҳ иҽы дақәыртәаны, Суза дакәыршатәуп зегьы ишраҳауа дырҽхәауа. Шәхаҿы иаажәг Аман ихаҿсахьа аҽшаԥсахыз, аҳ зыӡбахә иҳәоз Мардохеи шиакәыз анеиликаа! Насгьы издиҵада аҳ Мардохеи ҳаҭыр иқәҵара? Аман ихаҭа иакәын! (Есф. 6:4—10).
Есф. 6:12, 13).
14 Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит шаҟа иҭахӡамкәа инаигӡаз Аман иара длазырҟәуаз аҳ идҵа. Уи ашьҭахь иара дыццакны аҩныҟа иҿынеихеит. Аман иԥшәмаԥҳәыси иҩызцәеи аҭагылазаашьа абас аҽшаԥсахыз анеилыркаа, урҭ еицҿакны аҳәара иалагеит иара ауриа Мардохеи иҿаԥхьа ахьымӡӷ шиго (15. а) Иаанага́зеи лҵшәас Есфирь лычҳара? б) Избан «ачҳара аарԥшны» аԥшра зҟәыӷароу?
15 Есфирь ачҳара аарԥшны, лыҳәара аҳ иамҳәакәа даҽа мышкы дахьыԥшыз абзоурала, Аман дықәызхыз ахҭысқәа ҟалеит. Иҟалап аҳ дызмыцәартә Анцәа Иегова иакәзар иҟазҵаз (Ажәам. 21:1). Иџьашьатәӡам Анцәа Иажәа ҳгәы ахьазҭанаҵо «ачҳара аарԥшны» ҳаԥшларц. (Шәаԥхьа Михеи 7:7.) Ҳара Анцәа ҳаизыԥшызар, иаҳбоит иара ҳара ҳаасҭа акырӡа еиӷьны ҳауадаҩрақәа рыӡбара шилшо.
Лара гәымшәарыла дцәажәон
16, 17. а) Ианбааи «ацәажәара аамҭа» Есфирь лзы? б) Дызлалеиԥшымзи Есфирь аҳ уаанӡатәи иԥҳәыс Вашти?
16 Есфирь аҳ ичҳара уаҳа иԥылымшәарц азы, ачара аҩбатәи амш аҽны зегьы изеиҭалҳәарц лыӡбеит. Аха ишԥаҟалҵари уи лара? Иманшәалоу аҭагылазаашьа лоуит, ачара шцоз аҳ ихаҭа дырҩегь данлазҵаа лыҳәара аӡбахә (Есф. 7:2). Есфирь лзы «ацәажәара аамҭа» ааит.
17 Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Есфирь гәаныла иааркьаҿны Анцәа дышиҳәаз, анаҩс лара илҳәеит: «Сара уара уҿаԥхьа ҳаҭыр сықәзар, аҳ, насгьы аҳ игәаԥхара иаҵанакуазар, сара сыҳәарала сыԥсҭазаара сыҭазааит ҳамҭас, насгьы сыҳәарала — сара Есф. 7:3). Иазгәашәҭ лара аҳ агәра шилыргаз иара игәаҳәарақәеи иӡбарақәеи пату шрықәылҵо. Шаҟа длеиԥшымзи Есфирь аҳ уаанӡатәи иԥҳәыс Вашти, цасҳәа зхаҵа длазырҟәыз! (Есф. 1:10—12). Уи адагьы, Есфирь лхаҵа аҽыԥныҳәа илҭомызт иара Аман мыцхәы игәра ахьигоз. Лара аҳ дзызиҳәоз аԥсра аҟынтә деиқәирхарц азы мацара акәын.
сыжәлар» (18. Ишԥеизеиҭалҳәеи Есфирь аҳ ауадаҩра аӡбахә?
18 Ҳәарада, уи аҩыза а́ҳәара аҳ даршанхеит. Изгәаӷьыда аҳкәажә лыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара? Есфирь инацылҵеит: «Ҳара, сыжәлари сареи, анырҵәаразы, аҭархаразы, насгьы ақәхразы ҳҭиуп. Тәцәас, ма маҵуҩцәас ҳарҭиизҭгьы, сара ҿысҭуамызт. Аха ари арыцҳара аҩжьра ҟалом, избанзар уи аҳгьы ааха́ инаҭоит» (Есф. 7:4). Шәазааҭгыл Есфирь ари ауадаҩра иаартны аӡбахә шылҳәаз, насгьы ишацылҵаз лареи лыжәлари тәцәас ирҭиизҭгьы, шҿылымҭуаз. Аха ажәлар зегь рықәхра аҳ изаанагар алшон ааха́ ӷәӷәа, уи иақәҿумҭыр ҟаломызт.
19. Ишԥаҳацхраауеи Есфирь лҿырԥшы ауаа агәра дыргара?
19 Есфирь лҿырԥшы ауаа агәра шыдҳаргалаша ҳнарҵоит. Шәара ишәзааигәоу ауаҩы, мамзаргьы амчра змоу ауаҩы уадаҩра дук аӡбахә изеиҭашәҳәарц шәҭахызар, усҟан шәара даара ишәыцхраауеит ачҳара, апатуқәҵара, насгьы гәык-ԥсыкала аҟазаара (Ажәам. 16:21, 23).
20, 21. а) Дышԥаҿаԥылҽи Есфирь Аман, насгьы иҟаиҵазеи аҳ? б) Ихы шԥамҩаԥигеи Аман игьангьашыз игәҭакы анеилыркаа?
20 Ахашверош дҵааит: «Дызусҭада уи? Дабаҟоу ус аҟаҵара згәаӷьыз?» Шәхаҿы иаажәг Есфирь Аман лнацәа иқәкны Есф. 7:5—7).
ишылҳәо: «Аҿагылаҩи аӷеи — абри ицәгьоу Аман иоуп». Уи изымбатәбарахеит. Аман аҿаасҭа изыҟалеит. Иҟалап аҳ игәахы еибакны деицрашәазар, абриаҟара зыгәра игоз абжьагаҩ маанала аусԥҟа инапы аҵаиҩыртә иахьыҟаиҵаз, уи бзиа иибоз иԥҳәыс лзы аԥсра аа́нагон! Игәы ԥжәаны аҳ абаҳчахь дцеит иҽирҭынчырц азы (21 Иҿаԥырҽыз Аман дшәаӡыӡо аҳкәажә лшьапқәа рахь иҽкаижьит. Убри аамҭазы аҳ дааҩналеит. Иара Есфирь дахьтәаз аҭыԥ аҿы Аман даниба, игәы ԥжәаны уи ахара идиҵеит аҳ иҩнаҭаҿы аҳкәажә лцәа ԥиҽырц иҽазикит ҳәа. Аман еиликааит уи иара изы аԥсра шаа́нагоз. Иара иҿы хҩаны иаразнак ддәылыргеит. Ақьаҳиацәа руаӡәк аҳ иеиҳәеит Аман ашьаҟа дуӡӡа ширхиахьаз Мардохеи дыкнеиҳарц игәы иахьҭаз. Ахашверош аамҭа мгакәа, адҵа ҟаиҵеит убри ашьаҟаҿы Аман ихаҭа дыкнарҳарц (Есф. 7:8—10).
22. Ишԥаҳнарҵо Есфирь лҿырԥшы ахаангьы ҳгәы каҳмыжьларц, агәыӷра ҳцәымӡларц, насгьы ауаа ҳгәы рхымшәаларц?
22 Иахьатәи ииашам адунеи аҿы зны-зынла ҳгәы иаанагалар алшоит аиашара ахаан иҟалом ҳәа. Ишәзааигәоума шәара абас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа? Есфирь ахаан лгәы калыжьуамызт, агәыӷра лцәыӡуамызт, насгьы ауаа лгәы рыхшәомызт. Аамҭа анааи, лара зегьы Иегова инапы ианҵаны, гәымшәарыла ииашаз дадгылеит. Шәааи ҳаргьы убас ҟаҳҵалап! Избанзар Иегова иҽимԥсахӡеит. Уаанӡа еиԥш иара имчуп ауаа цәгьақәа игьангьашу рыгәҭакқәа дара рхаҭақәа ирԥырхагахартә аҟаҵара, Аман ишихьыз еиԥш. (Шәаԥхьа Аԥсалом 7:12—17 [7:11—16, АдҾ].)
Лара Иеговеи ижәлари рзы ахамеигӡара аалырԥшуан
23. а) Ҳамҭас ириҭазеи аҳ Мардохеии Есфири? б) Ишԥанаӡеи Иаков иԥсымҭазы Вениамин изы ииҳәаз аԥааимбаражәа? (Шәахәаԥш арамка «Инаӡаз аԥааимбаражәа».)
23 Аҳ аҵыхәтәаны еиликааит Мардохеи иара иԥсҭазаара аиқәырхаҩ мацара шиакәмыз, аха Есфирь лабԥсагьы шиакәыз. Ахашверош иара инаҩс аҳраҿы Мардохеи дықәиргылеит Аман Есф. 8:1, 2).
иҭыԥан. Амал ду зыҩназ Аман иҩны аҳ Есфирь илиҭеит, лара уи Мардохеи дахалыргылеит (24, 25. а) Избан Есфирь лгәы зылмырҭынчуаз Аман игәҭакы анҿаԥылҽ ашьҭахьгьы? б) Избан Есфирь дырҩегь лыԥсҭазаара ашәарҭара изҭалыргылаз?
24 Илылшозма уажәшьҭа Есфирь лгәы лырҭынчыр Мардохеии лареи рзы уаҳа ашәарҭара аныҟамыз? Мап, избанзар лара лхы мацара акәӡамызт дзызхәыцуаз. Убри аамҭазы ацҳаражәҳәаҩцәа аимпериа ахьынӡа-наӡааӡоз рылаҳәара иаҿын ауриацәа рықәгара иазкыз Аман иусԥҟа. Игьангьашыз игәҭакы анагӡаразы еиҳа ианаало аамҭа алихырц, Аман пур, мамзаргьы аҵәы ҭеиԥсон, уи аспиритизм ахкқәа иреиуан (Есф. 9:24—26). Иазалхыз аамҭа аҟынӡа мызқәак шыбжьазгьы, аамҭа агара ҟаломызт. Иамазма аанкылашьа арыцҳара?
25 Есфирь дырҩегь лыԥсҭазаара ашәарҭара иҭалыргылеит, ааԥхьара лымамкәа аҳ иахь даннеи. Уажәшьҭа лара длаӷырӡышо лхаҵа диҳәон иҿаасҭаз аусԥҟа мап ацәикырц. Аха аџьамтә монарх иаԥиҵаз азакәанқәа ԥсахшьа рымамызт (Дан. 6:12, 15). Убри аҟынтә Есфири Мардохеии аҳ азин риҭеит аусԥҟа ҿыц аԥырҵарц, уи ауриацәа зегьы рхы рыхьчартә азин рынаҭон. Аимпериа дуӡӡа ахьынӡа-наӡааӡоз ацҳаражәҳәаҩцәа дәықәлеит, ауриацәа агәыӷра рызҭоз ажәабжь бзиа рылаҳәауа (Есф. 8:3—16). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ауриацәа бџьарла рыҽшеибырҭоз, насгьы ахыхьчаразы аҽазыҟаҵара ишаҿыз, уи аусԥҟа ҿыц ада изалшомызт. Аха дрыдгылома «Иегова ар реиҳабы» ижәлар? (1 Сам. 17:45).
26, 27. а) Иарбан иааира дууз Иегова израильаа ириҭаз раӷацәа раҵархаразы? б) Иарбан ԥааимбаражәоу инаӡаз Аман иԥацәа аныршь?
26 Иазалхыз амш аҽны Анцәа ижәлар хиан. Иауриаз Мардохеи аҳәынҭқарраҿы аҳ инаҩс иара дшыҟалаз аӡбахә заҳаз аӡәырҩы аџьамтә қьаҳиацәаҵәҟьагьы ауриацәа рган ааныркылеит. Иегова ижәлар аиааира ду риҭеит. Иара аӷацәа аҵахартә, насгьы ижәлар уаҳа ԥырхага рмоуртә иҟаиҵеит * (Есф. 9:1—6).
27 Ус шакәызгьы, ацәгьауаҩы Аман жәаҩык иԥацәа рыԥсы ҭанаҵы Мардохеи шәарҭарада иҩны анапхгара изаҭомызт. Убри аҟынтә урҭгьы ршьит (Есф. 9:7—10). Абас инаӡеит Иегова заа ииҳәахьаз абиблиатә ԥааимбаражәа Анцәа ижәлар раӷацәа амаликаа шьаҭанкыла ишықәххо (Ҩынтә. 25:17—19). Излаҳбо ала, Аман иԥацәа ицқьамыз ари ажәлар рҟынтә иаанханы иҟаз иреиуан.
28, 29. а) Избан Иегова игәаԥхара изаҵанакуаз Есфирь лыжәлари лареи аибашьрақәа рхы рыладырхәларц? б) Иабаҳахәо ҳара иахьа Есфирь лҿырԥшы?
28 Есфирь аҭакԥхықәра ду лҟәаҟәа иқәҳаит. Иаҳҳәап, лара аибашьрақәеи ашьрақәеи ирыдҳәалаз аусԥҟақәа раԥҵара далахәын. Уи ус имариамызт. Аха Иегова игәаԥхара иаҵанакуан ижәлар рыхьчара, избанзар Израиль ажәлар аҿы изқәыргәыӷыз Мессиа дираны дыҟан. Насгьы иара ибзоурала ауаатәыҩса аиқәхаразы агәыӷра роур рылшон (Аҟаз. 22:18). Аха Иисус, Мессиа, адгьыл аҿы даныҟаз, ишьҭанеицәа ирыдиҵеит аибашьрақәа рхы рыладмырхәларц, убри аҟынтә иахьатәи Анцәа имаҵзуҩцәа уи адҵа иқәныҟәоит (Матф. 26:52).
29 Аха ақьырсианцәа реиԥш ҳара адоуҳатә еибашьра ҳалахәуп, избанзар Аҩсҭаа илшо зегь ҟаиҵоит Анцәа Иегова иахь иҳамоу ҳагәрахаҵара ҳцәыӡырц. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 10:3, 4.) Шаҟа изылԥхара дуузеи ҳара Есфирь лҿырԥшы ахьҳамоу! Иҳацхраалааит уи ҳара аҟәыӷареи ачҳареи ҳаманы егьырҭ ауаа акы агәра дыргара, агәрахаҵареи агәымшәареи раарԥшра, насгьы хамеигӡарала Анцәа ижәлар рыхьчара!
^ 26 абз. Аҳ ауриацәа азин риҭеит раӷацәа адырҩаҽынгьы ирабашьларц (Есф. 9:12—14). Аиудеицәа иахьа уажәраанӡа есышықәса амза адар азы (уи февраль анҵәамҭа — март алагамҭа иақәшәоит) ари аиааира ргәаладыршәоит Пурим аныҳәа азгәаҭо, уи ус хьӡыс иамоуп Аман израильаа рықәгаразы аҵәы ахьҭеиԥсоз азы.