АХЫ 12
Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааит
1, 2. Иарбан хҭысқәоу Илиа изы ихадаз амш аҽны иҟалаз?
ИЛИА Изреельҟа дыҩуа амҩа дықәын. Аԥсҭҳәа еиқәаҵәақәа рыла ажәҩан хҩан, насгьы ақәа леиуан. Аԥааимбар иаԥхьа амҩа хара шьҭан. Аха иара, шьҭа иқәыԥшымыз ауаҩы, ааԥсара изгәамҭо дыҩуа дцон, избанзар «Иегова инапы» ихакын. Ахаан иара ус имч ҭамлацызт. Илиа аҳ Ахав иреиӷьӡоу аҽқәа рыла иҵакыз иҽыуардынгьы даԥысит! (Шәаԥхьа 1 Аҳцәа 18:46.)
2 Иара амҩа хара данысыр акәын. Уи ихадоу амш аҽны иҟалаз ахҭысқәа дахьрызхәыцуаз, иауаз ақәагьы гәеимҭозшәа дыҟан. Хымԥада, ари Илиа Инцәа Иеговеи ииашоу амҵахырхәареи рзы ахьӡ-аԥша зцыз аиааира акәын. Шьҭа ихараз аԥша зықәсуаз ашьха Кармил аҿы Иегова Ваал имҵахырхәара ықәигеит. 450-ҩык Ваал иԥааимбарцәа рымц ҿаԥҽын, насгьы ишрықәнагаз еиԥш ишьын. Анаҩс Илиа Иегова диҳәеит, хышықәсеи бжаки Израиль зыргәаҟуаз аарҩара ааникыларц. Нас ақәоура иалагеит! (1 Аҳ. 18:18—45).
3, 4. а) Избан Илиа Изреельҟа амҩа данықәыз гәыӷрала дҭәын ҳәа ҳҳәар зҳалшо? б) Иарбан зҵаарақәоу ҳара еилҳарго?
3 Илиа ақәа дцәыланы дыҩуа Изреельҟа данцоз 30 километра амҩа данысит. Иҟалап иара агәыӷра дуқәа имазҭгьы, насгьы аԥсахрақәа ҟалоит ҳәа дхәыцуазҭгьы. Ахав иҽиԥсахыр акәхоит! Шьҭа иибаз зегь рышьҭахь иара, Ваал имҵахырхәара мап ацәкны, иԥҳәыс, аҳкәажә Иезавель, лымчра лымхны, насгьы Иегова имаҵзуҩцәа рышьҭашәарыцара даҟәыҵны, иҽирҭынчроуп.
4 Ахҭысқәа ҳара ишаҳзыманшәалоу имҩаԥысуазар, ҳәарада, ҳгәыӷра ӷәӷәахоит. Иҟалап ҳара ҳазхәыцуазар ҳаԥсҭазаара еиӷьхоит ҳәа, насгьы ҳгәы иаанагозар зегьы иреицәоу ауадаҩрақәа шьҭахьҟа инхеит ҳәа. Издыруада Илиа убасҵәҟьа дхәыцуазҭгьы, насгьы уи џьашьатәӡам, избанзар иара «ҳарҭ зегьы иҳаиԥшыз аӡә иакәын» (Иак. 5:17). Аха Илиа аԥхьаҟа ауадаҩрақәа изыԥшын. Сааҭқәак рышьҭахь Илиа ихазы аԥсра даҳәо аҟынӡа дшәоит, насгьы игәы каҳауеит. Избан? Ишԥаирӷәӷәо Иегова иԥааимбар игәрахаҵара, насгьы ишԥаииҭо агәымшәара? Шәааи еилаҳкаап.
Иаалырҟьаны ахҭысқәа рҽырыԥсахит
5. Илшама Ахав ашьха Кармил аҿы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь Анцәа Иегова иахь апатуқәҵара аарԥшра, насгьы иабантәиаадыруеи уи ҳара?
5 Ахав Изреель иҟаз ихан ахь дхынҳәит. Иҽиԥсахма ари аҳ хәымга? Ҳара ҳаԥхьоит: «Ахав Илиа иҟаиҵаз зегьы, насгьы аԥааимбарцәа зегьы аҳәала ишишьыз Иезавель илзеиҭеиҳәеит» (1 Аҳ. 19:1). Иазгәашәҭ, Ахав уи амш аҽны иҟалаз иџьашьахәу ахҭысқәа ртәы анеиҭеиҳәоз, Илиа Инцәа, Иегова, иӡбахә имҳәаӡеит. Ахав иҟалаз ахҭысқәа ауаатәыҩсатә хәаԥшышьала дрыхәаԥшуан, насгьы уи Илиа иоуп иҟазҵаз ҳәа иԥхьаӡон. Еилкаауп Ахав Анцәа Иегова пату иқәҵашьа шизымҵаз. Аха ишԥақәҿылҭи ари зегьы ицәгьаз, насгьы ашьоура бзиа избоз иԥҳәыс?
6. Иарбан аацҳароу Иезавель Илиа изылышьҭыз, насгьы иаа́нагози уи?
6 Згәы ԥжәаз Иезавель иаразнак Илиа аацҳара изылышьҭит: «Сзықәдыршәозаалак сақәдыршәааит анцәақәа, насгьы еиҭа исзацырҵааит, уаҵәы уажәааны дара зегьы ирыԥсышьахаз уԥсышьахартә иҟасымҵозар!» (1 Аҳ. 19:2). Уи ус баша мақаррамызт. Даҽакала иуҳәозар, Иезавель лхы данықәит адырҩаҽныҵәҟьа Илиа дышьны Ваал иԥааимбарцәа ршьа шылуа. Шәхаҿы иаажәг аҵх агәаны аацҳаҩ улаԥш иҵамшәо анхарҭаҿы ицәаз Илиа дырҿыханы, аҳкәажә лҟынтә узыршәо ажәабжь шиеиҳәо. Ишԥаиныри уи аԥааимбар?
Ашәареи агәкаҳареи дрымҿхаркит
7. Ишԥаиныри Илиа Иезавель лымақарра, насгьы ихы шԥамҩаԥигеи иара?
7 Илиа Ваал имҵахырхәара уаҳа иаҿагылатәым ҳәа дгәыӷуан, аха уажәшьҭа иара еиликааит уи ус шакәмыз. Иезавель акы дааннакыломызт. Лара лыдҵала аӡәырҩы Иегова иԥааимбарцәа ршьхьан, убри аҟынтә уажәшьҭа Илиа иаамҭоуп ҳәа угәы иаанагар алшон. Ихы шԥамҩаԥиго иара? Абиблиаҿы иануп: «Илиа даншәа, дыбналеит». Иҟалап Илиа Иезавель излырхиаз аԥсра ҿаасҭа ихаҿы иааигазар. Иара дааҟәымҵӡакәа уи дазхәыцуазҭгьы, иџьашьатәӡам агәымшәара зицәыӡыз. Ишыҟазаалакгьы, Илиа «дыбналеит, иԥсы еиқәирхарц азы» (1 Аҳ. 18:4; 19:3).
Агәымшәара ҳахьчарц ҳҭахызар, еиуеиԥшым ашәарҭарақәа ҳрықәшәоит ҳәа ҳазымхәыцлароуп
8. а) Излеиԥшызи Пиотри Илиеи рыхҭысқәа? б) Иаҳдырҵозеи ҳара Илиеи Пиотри рҿырԥштәқәа?
8 Илиа мацара иакәӡам Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә ашәара Матфеи 14:30.) Пиотри Илиеи рҿырԥштәқәа иаҳдырҵоит: агәымшәара ҳаманы ҳаанхарц ҳҭахызар, еиуеиԥшым ашәарҭарақәа ҳрықәшәоит ҳәа ҳазымхәыцлароуп. Ҳара агәыӷреи амчи ҳазҭо Анцәа ҳизхәыцлароуп.
иамҿханакыз. Ашәышықәсақәа рышьҭахь уи еиԥшыз ауадаҩра апостол Пиотргьы дақәшәеит. Иисус Пиотр иара иахь аӡы дықәланы днеирц аниеиҳәа, уи иҿынеихеит, аха «аԥша ӷәӷәа шасыз аниба», дшәан аӡааҟәрылара далагеит. (Шәаԥхьа«Уаҳа сылшом!»
9. Шәахцәажәа Илиа дахьцаз, насгьы имаз ацәаныррақәа.
9 Иԥсы дацәшәаны, Илиа дыбналеит алада-мраҭашәара Вирсавиаҟа — аладаӡа Иуда иҟаз ақалақь ахь, уахьынӡа 150 километра бжьан. Уаҟа иара имаҵуҩы дааныжьны, ихала ацәҳәырахь дцеит. Абиблиаҿы иануп иара «мышныҟәа амҩа» дшанысыз. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ашамҭазы иара мҩаныфакгьы шьҭымхкәа ақалақь ааныжьны дышцаз. Имаз ашәара убас иӷәӷәан, ишуаз амрагьы изгәамҭакәа дцәыланы дцон. Ажәҩан ырҟаԥшьуа, ашьшьы-шьшьыҳәа амра анҭашәоз, Илиа имч акаԥсара иалагахьан. Игәы каҳаны, насгьы дкараханы аракитник днаҵатәеит, убри мацара акәын адгьыл цәҳәыраҿы хыҵакырҭас иҟаз (1 Аҳ. 19:4).
10, 11. а) Дзызиҳәози Илиа Анцәа, насгьы избан? б) Иаагоу абиблиатә жәеинраалақәа шәхы иархәаны, шәрыхцәажәа згәы каҳаны иҟаз егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа рцәаныррақәа.
10 Даараӡа игәы каҳаны Илиа Анцәа иахь ихы рханы аԥсра даҳәеит. Иара иҳәеит: «Сара сабацәа среиӷьӡам». Иара идыруан иабацәа анԥсы ашьҭахь асаба ишаҩызахаз, насгьы аӡәгьы ицхраара шрылымшоз (Еккл. 9:10). Илиа урҭ акы ала дреиӷьуп ҳәа ихы иԥхьаӡомызт. Еилкаауп уи изиҳәаз: «Уаҳа сылшом!» Иамоума аҵакы анаҩсгьы анхара?
11 Иџьаҳшьароума ҳара Анцәа изиашоу имаҵзуҩы игәы ахькаҳаз? Мап. Аӡәырҩы Абиблиаҿы зыӡбахә ану Анцәа изиашаз ахацәеи аҳәсеи зны-зынла убриаҟара ргәы каҳауан, аԥсра иаҳәо аҟынӡа; урҭ иреиуоуп Ревекка, Иаков, Моисеи, иара убас Иов (Аҟаз. 25:22; 37:35; Ахыԥхь. 11:13—15; Иов 14:13).
12. Ишԥаҳалшо ҳара Илиа иҿыԥшра, ҳгәы каҳаны ҳаҟазар?
12 Ҳара ҳанхоит «ихьанҭоу аамҭақәа» раан, убри аҟынтә 2 Тим. 3:1). Уи аҩыза шәаргьы шәақәшәозар, Илиа шәиҿыԥшны Анцәа шәаниҳәо шәцәаныррақәа изеиҭашәҳәала. Ишәгәалашәала Иегова агәырҭынчра узҭо Анцәа шиакәу. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:3, 4.) Игәы ирҭынчма иара Илиа?
иџьашьатәӡам аӡәырҩы ауаа, Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәагьы уахь иналаҵаны, зны-зынла ргәы ахькаҳауа (Иегова иԥааимбар игәы шьҭихит
13, 14. а) Ишԥааирԥши Иегова абзиабара амаалықь ила, згәы каҳаны иҟаз иԥааимбар даницхраауаз? б) Избан ҳгәы зарҭынчуа Иегова доусу ҳахьидыруа, насгьы ҳалшарақәа шмаҷу ахьеиликаауа?
13 Шәгәаанагарала, иарбан цәаныррақәаз Иегова изцәырҵуаз, ацәҳәыраҿы аракитник аҵаҟа ишьҭаз, насгьы аԥсра иаҳәоз бзиа иибоз иԥааимбар жәҩан аҟынтә данихәаԥшуаз? Ҳара ҳхала акы ахәыцра ҳахәҭам. Илиа даныцәа ашьҭахь, Иегова амаалықь дизынаишьҭит. Амаалықь Илиа дихькьысны дааирԥшит, нас иеиҳәеит: «Угыл, акрыф». Илиа иаԥхьа амгьал ԥха шьҭан, насгьы аирыӡ аӡы ҭаҭәаны игылан. Иҟалап Илиа амаалықь иааирԥшыз ақьиаразы ҭабуп ҳәа иеимҳәазаргьы. Иԥшьоу Аҩыраҿы аԥааимбар акрифан, нас еиҭа дыцәеит ҳәа ауп иану. Иҟалап иара убриаҟара игәы каҳаны дыҟазҭгьы, ажәакгьы аҳәара иҭахымкәа. Ишыҟазаалакгьы, амаалықь уи дырҩегь дааирԥшит, иҟалап уи ацәылашамҭаз акәызҭгьы. «Угыл, акрыф,— иеиҳәеит уи Илиа, нас инациҵеит: — мамзар амҩа ақәларазы амч уоуӡом» (1 Аҳ. 19:5—7).
14 Амаалықь идыруан иарбан мҩа хараз Илиа изыԥшыз, насгьы уи амҩа анысразы имчқәа шизымхоз. Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи ҳгәазыҳәарақәа здыруа, насгьы ҳалшарақәа шмаҷу ҳара ҳаҵкысгьы еиӷьны еилызкаауа Анцәа имаҵ ахьаҳуа! (Шәаԥхьа Аԥсалом 102:13,14 [103:13, 14, АдҾ].) Ихьзеи анаҩс Илиа?
15, 16. а) Илшазеи Илиа аҟаҵара, Иегова ииҭаз афатә анифа ашьҭахь? б) Избан ҳара ахә ҳаракны иаҳшьалар зҳахәҭоу Иегова иахьа имаҵзуҩцәа дахьрыцхраауа?
15 Ҳара ҳаԥхьоит: «Илиа дҩагылан, крифеит-крижәит. Акранифа ашьҭахь, иара ҩынҩажәа мши ҩынҩажәа ҵхи амҩа дықәын, аиашара Анцәа ишьха Хорив аҟынӡа днеиаанӡа» (1 Аҳ. 19:8). Илиа дычгон 40 мши 40 ҵхи, фышә шықәса раԥхьа Моисеи ишыҟаиҵаз еиԥш, насгьы Иисус Христос зқьышықәса рышьҭахь иҟаиҵараны дшыҟаз еиԥш (Ақәҵ. 34:28; Лука 4:1, 2). Амаалықь ииҭаз афатә Илиа имаз ауадаҩрақәа иԥырнамгаӡеит, аха уи уаҩ иимбац амч инаҭеит. Шәхаҿы иаажәг ари зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дгәагәо ацәҳәыра дшықәыз мышла, мчыбжьыла, убас мызки бжаки раҟара.
Матф. 4:4). Абиблиа, насгьы уи шьаҭас измоу апубликациақәа анҭаҳҵаауа, ҳара иҳауеит Анцәа изку адыррақәа, урҭ адоуҳатә мчы ҳарҭоит. Ҳәарада, адоуҳатә фатәы бзиа ҳауадаҩрақәа зегьы ҳԥырнагаӡом, аха уи ҳацхраауеит ҳара ҳхала ҳамч зқәымхо ахгара. Уи адагьы, уи ҳацхраауеит «наӡаӡатәи аԥсҭазаара» аиура (Иоанн 17:3).
16 Иахьагьы Иегова иара изиашоу имаҵзуҩцәа дрыцхраауеит, аха ссирла ацәеижьтә фатәы рыҭаны акәӡам. Иара адоуҳатә фатәы риҭоит, уи еиҳагьы ихадоуп (17. Дабанеи Илиа, насгьы избан уи аҭыԥ зҷыдаз?
17 Илиа 320 километра раҟара амҩа данысит ашьха Хоривынӡа, уаҟа зны Анцәа Иегова амаалықь ила Моисеи диацәажәахьан ибылуаз ачықь аҟынтә, насгьы аамҭақәак рышьҭахь уа Израильи иареи аиқәшаҳаҭра Закәан рыбжьеиҵеит. Уаҟа Илиа аҳаԥаҿы иҽиҵәахит.
Иегова иԥааимбар игәы ирҭынчит, насгьы дирӷәӷәеит
18, 19. а) Иарбан зҵаароу Иегова имаалықь Илиа ииҭаз, насгьы ҭакс иҟаиҵазеи Илиа? б) Иарбан Илиа игәы казыжьуаз х-мзызк уи зыӡбахә иҳәаз?
18 Илиа Хорив дахьыҟаз «Иегова иажәа» изаатит, иҟалап уи амаалықь ила акәызҭгьы: «Илиа, иҟауҵозеи ара?» Ари азҵаара ахаара аҵан ҳҳәар ҳалшоит, избанзар аԥааимбар уи идикылеит ицәаныррақәа реиҭаҳәаразы ааԥхьара еиԥш. Илиа игәы аартны Иегова иеиҳәеит: «Сара гәацԥыҳәара дула ар Рынцәа Иегова имаҵ зуан, аха израильаа рԥацәеи уареи ишәыбжьаз аиқәшаҳаҭра дара анагӡара иаҟәыҵит, умҭанагарҭақәа дырбгеит, насгьы а́ҳәала уԥааимбарцәа ршьит, сара заҵәык соуп инхаз. Аха дара саргьы сышьра иашьҭоуп» (1 Аҳ. 19:9, 10). Илиа иажәақәа рҟынтә ҳара иаҳбоит игәы казыжьуаз х-мзызк шимаз.
19 Акы, Илиа игәы иаанагон имаҵзура башоуп ҳәа. Илиа шықәсы рацәала «гәацԥыҳәара дула» амаҵ шиуазгьы, насгьы Анцәа имҵахырхәареи ихьӡ арлашареи иԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ шааннакылозгьы, иара ибон аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа ишеицәахоз. Азиашара зцәыӡхьаз израильаа уаанӡа еиԥш аҿагылара аадырԥшуан, насгьы амц нцәақәа рымҵахырхәара еизҳа-зыӷьон. Ҩба, Илиа дзаҵәны ихы ибон. «Сара заҵәык соуп инхаз»,— иҳәеит аԥааимбар, усҟан иара игәы иаанагозҭгьы ҟаларын ажәлар зегь рҟынтә иара мацара иоуп Иегова имаҵ зуа ҳәа. Хԥагьы, Илиа дшәаны дыҟан. Иегова иԥааимбарцәа рҟынтә иршьхьаз рацәан азы, игәы иаанагон иаргьы уи изыԥшуп ҳәа. Иҟалап Илиа изымариамызҭгьы ицәаныррақәа ртәы аиҭаҳәара, аха аԥагьареи аԥхашьареи ирылимыршеит Аԥсал. 61:9 [62:8, АдҾ]).
иара дааныркылартә, убри аҟынтә Анцәа даниҳәоз игәы ааиртит. Уи ала иара Иегова имаҵзуҩцәа зегьы зеиԥшыҟам аҿырԥшы рзынижьит (20, 21. а) Шәахцәажәа иарбан хҭысу Илиа дзықәшәаз ашьха Хорив аҟны иҟаз аҳаԥаҿы? б) Инарҵазеи Илиа Иегова иааирԥшыз имч?
20 Дышԥаирӷәӷәеи Иегова Илиа, насгьы ишԥеихицеи имаз ашәара? Амаалықь Илиа иеиҳәеит аҳаԥы аҭаларҭаҿы дгыларц. Иара аӡырҩра ааирԥшит, анаҩс иҟалоз шизымдыруазгьы. Иаалырҟьаны ашьхақәеи ацаҟьақәеи зырбгоз аԥша ӷәӷәа асит. Иҟалап иара улымҳа ҵнахыртә аҟынӡа абжьы цәгьазҭгьы! Шәхаҿы иаажәг Илиа инапала илақәа шиҵәахуа, насгьы аԥша ӷәӷәала иаршәшәоз иџьаџьаз зхәы жәпаз ишәҵатәы аарлаҳәа ишааникыло. Анаҩс Илиа ибоит дзықәгылоу адгьыл шҵысуа, насгьы дкамҳартә аарла ҳәа иҽааникылоит — иӷәӷәаны адгьылҵысра иалагоит! Ихьыз цқьа еиликаанӡа, амцабз ӷәӷәа иахылҵуаз ашоура аҳаԥы дыҵанацалоит (1 Аҳ. 19:11, 12).
21 Ажәабжь аҿы иаҳәоит Иегова иарбанзаалак узыршанхо аԥсабаратә цәырҵрақәа рҿы дшыҟамыз. Илиа идыруан Иегова — ари Ваал еиԥш «аԥсҭҳәақәа икаԥо ирықәу», насгьы ақәа азыруа анцәа ҳәа ирыԥхьаӡоз, аԥсабара амчқәа аазырԥшуа амифтә нцәа шиакәмыз. Иегова ишеит узыршанхо амч ду змоу аԥсабара зегьы, насгьы иара имч иарбанзаалак ишамҭақәа раасҭа акырынтә еиҳауп. Иара ажәҩанҵәҟьа дҭаӡом! (1 Аҳ. 8:27). Ишԥаиныри ари зегьы Илиа? Иара иааигәара дыҟан Иегова — Анцәа, ҳәаада иҟоу амч змоу. Нас Илиа ихәҭазма Ахави Иезавельи рыцәшәара? (Шәаԥхьа Аԥсалом 117:6 [118:6, АдҾ].)
22. а) Агәра шԥеинаргеи Илиа «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» Иегова иара даара ихә ҳаракны ишишьо? б) Изтәхарыдаз уи «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы»? (Шәахәаԥш албаага.)
22 Амца ашьҭахь ҭынчрахеит, нас Илиа иаҳаит «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы». Ари абжьы дырҩегь Илиа азҵаара инаҭеит, нас аԥааимбар аҩынтәраан игәҭыхақәа еиҭеиҳәеит *. Уи абзоурала Илиа игәы ҭынчхеит. Аха «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» нас ианаҳәаз еиҳагьы игәы арҭынчит. Иегова Илиа агәра ииргеит, иара даара ихә ҳаракны ишишьо. Ишԥа? Анцәа иԥааимбар изааиртит Израиль аҟны анаҩсгьы Ваал икульт аҿагылара шымҩаԥысло. Ҳәарада, Илиа имаҵзура башамызт, избанзар Иегова игәҭакы анагӡара даҿын. Уи адагьы, еилыкка иҟаз адҵақәа аԥааимбар инаиҭаны, Иегова уи иеилиркааит игәҭакаҿы иара ихадоу ароль шынаигӡо (1 Аҳ. 19:12—17).
23. Дышԥаицхрааи Иегова Илиа азаҵәра аиааира?
23 Дышԥаицхрааи Иегова Илиа азаҵәра аиааира? Акы, иара Илиа идиҵеит иҭыԥан ԥааимбарс иҟалараны иҟаз Елисеи диԥшьарц. Уи ауаҩ қәыԥш Илиа шықәсы рацәала аус ицзулоз, насгьы ицхраауаз иакәны дҟалар ихәҭан. Ҳәарада, уи зеиԥшыҟам цхырааран! Ҩбагьы, Иегова Илиа иеиҳәеит угәы шьҭызхуа ажәабжь: «Сара Израиль иаансыжьит бжь-нызқьҩык ауаа — зегьы, Ваал иҿаԥхьа зшьамхы азмырсуаз, насгьы дгәыдзымкылоз ақьышәқәа» (1 Аҳ. 19:18). Илиа ихала дыҟамызт! Шаҟа дарӷәӷәазеи иара иаҳаз ажәабжь, зықьҩыла Анцәа изиашаз ауаа Ваал имҵахырхәарала рҽахьырымҟьашьыз. Уи аамҭа цәгьақәа раан Илиа имаҵзурала иааирԥшит Иегова иахь лак-ҩакрада имаз азиашара аҿырԥшы. Илиа игәаҵанӡа инеит Иегова имаалықь иажәақәа, «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» ала иҳәаз.
Абиблиа «иҭынчу, ираҳаҭу абжьы» иеиԥшхар алшоит, уи ҳаԥсҭазаара ианырыртә алҳаршозар
24, 25. а) Ишԥеилкаатәу иахьа Иегова «иҭынчу, ираҳаҭу абжьы» ала дҳацәажәоит ҳәа иҳәоу ажәақәа? б) Избан агәра ҳгар зҳалшо Илиа Иегова иҟынтә агәырҭынчра шидикылаз?
24 Илиа иеиԥш, ҳаргьы иҳазцәырҵуеит Анцәа игәаԥхо ашәара, аԥсабара амч ӷәӷәақәа анаҳбо. Анцәа ишамҭақәа еилыкка Ашаҩы имч шаҳаҭра азыруеит (Рим. 1:20). Иахьагьы Иегова ҳәаа змам имч аарԥшра дазхиоуп, изиашоу ауаа рыцхрааразы (2 Аш. 16:9). Аха иара дҳацәажәоит иара Иажәа, Абиблиа, ала. (Шәаԥхьа Исаиа 30:21.) Даҽакала иуҳәозар, Абиблиа «иҭынчу, ираҳаҭу абжьы» иеиԥшхар алшоит, уи ҳаԥсҭазаара ианырыртә алҳаршозар. Уи адаҟьақәа рҟынтә Иегова ҳириашоит, ҳирӷәӷәоит, иара убас бзиа ҳшибо агәра ҳиргоит.
25 Идикылама Илиа ашьха Хорив аҟны Иегова ииҭаз агәырҭынчра? Ҳәарада. Иаарласны иара дырҩегь хыбаарыла, насгьы гәымшәарыла амц мҵахырхәара даҿагылеит. Ҳара «Аҩырақәа ирҳәо» агәырҭынчра агәра ҳгалар, усҟан Илиа игәрахаҵара аҿыԥшра ҳалшоит (Рим. 15:4).
^ 22 абз. Уи «иҭынчыз, ираҳаҭыз абжьы» иҟалап 1 Аҳцәа 19:9 аҿы зыӡбахә ҳәоу «Иегова иажәа» зыла иҳәаз амаалықь итәызҭгьы. 15-тәи ажәеинраалаҿы уи амаалықь «Иегова» ҳәа ахьӡ ихуп. Уи даҳгәаланаршәоит Иегова Израиль ацәҳәыра иалганы ианигоз ихы иаирхәоз амаалықь, насгьы иззиҳәаз: «Иара сыхьӡ ихуп» (Ақәҵ. 23:21). Ҳара уи шьақәырӷәӷәаны иҳазҳәом, аха иазгәаҳҭар ҳалшоит Иисус Христос дуаҩхаанӡа «Ажәа» иакәны дшыҟаз, мамзаргьы иалкаау Иегова Ихаҭарнак шиакәыз (Иоанн 1:1).