Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 13

Игхақәа хәарҭа рылихуан

Игхақәа хәарҭа рылихуан

1, 2. а) Изықәшәазеи амшынуааи Ионеи, иара ихҟьаны? б) Иаҳнарҵозеи ҳара ари ажәабжь?

ИОНА даараӡа иҭахын абарҭ абжьы цәгьақәа уаҳа иахьимаҳауа џьара дыҟазарц! Иара дзыршәоз аԥсыӡкыгақәа кыдызҟьоз аԥша цәгьа абжьи аӷба аганқәа ирысуаз, аҿҿа ахзыргоз ацәқәырԥа дуқәеи мацара ракәмызт. Еиҳа иузхымгоз аӷба мӡааҟәрыларц азы ирылшоз зегь ҟазҵоз амшынуаа — акаԥдан игәыԥи иареи — рыҳәҳәабжь акәын. Иона идыруан урҭ ауаа зегь ҭахар шрылшоз, насгьы зегь зыхҟьаз иара шиакәыз!

2 Аха дназгазеи Иона угәы казыжьуа ари аҭагылазаашьа аҟынӡа? Ари аԥааимбар Анцәа Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа анырра азҭоз агха ӷәӷәа ҟаиҵеит. Иҟаиҵазеи Иона? Иузмыриашоз гхазма уи? Арҭ азҵаарақәа рҭак иаҳдырҵо рацәоуп. Иаҳҳәап, Иона изку ажәабжь ибзианы иҳаилнаркаауеит агәрахаҵара ӷәӷәа змоу Анцәа имаҵзуҩцәагьы рымҩа иацәыхҟьар шрылшо. Аха Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа еиҭашьақәҳаргылар ҳалшоит.

Галилеиантә иҟаз аԥааимбар

3—5. а) Рхаҿы иааиуазеи ауаа лассы-лассы, Иона иӡбахә анраҳауа? б) Иаадыруазеи ҳара Иона иԥсҭазаара иазкны? (Шәахәаԥш иара убас албаага.) в) Избан Иона имаҵзура имариаз, насгьы агәахәара узҭоз ак акәын ҳәа зузымҳәо?

3 Аӡәырҩы Иона иӡбахә анраҳалак, лассы-лассы иҟазшьа цәгьақәа рхаҿы иааиуеит, иаҳҳәап аҳәатәхамҵареи ахьамҵреи реиԥш иҟоу. Аха уи мацара акәӡамызт иара илаз. Иаҳхаҳмыршҭлароуп Иегова Иона ихатә ԥааимбарс дшалихыз. Иона дуаҩ иашамызҭгьы, Анцәа акрызҵазкуаз ари аҭакԥхықәра ду идиҵомызт.

Аҟазшьа бааԥсқәа мацара ракәӡамызт Иона илаз

4 Иона изкны Абиблиа иҳанаҳәо рацәам. (Шәаԥхьа 2 Аҳцәа 14:25.) Иара шьҭрала Гафхефертәын, уантәи Назаретынӡа ԥшь-километрак бжьан, уи ақалақь аҟны аашәышықәса рышьҭахь дираны дыҟан Иисус Христос *. Иона ԥааимбарс амаҵ иуан Израиль аҳра жәахылҵшьҭрак аҿы Иеровоам II аҳра аниуаз. Аԥааимбар Илиа иаамҭа цеижьҭеи акыр ҵуан, уи ишьҭрамдаҩ Елисеи дыԥсит Иеровоам иаб аҳра аниуаз. Иегова урҭ аԥааимбарцәа ихы иархәаны Ваал икульт ықәихит, аха израильаа дырҩегь Анцәа ицәхьаҵуан. Аҳәынҭқарра «Иегова иҿаԥхьа ацәгьара» ҟазҵоз аҳ инапаҿы иҟан (2 Аҳ. 14:24). Убри аҟынтә Иона имаҵзура имариаз, насгьы агәахәара узҭоз ак акәын ҳәа узҳәом. Ус шакәызгьы, уи Анцәа дизиашаны имаҵ иуан.

5 Аха ҽнак зны Иона иԥсҭазаара иаалырҟьаны аҽаԥсахит. Иона Иегова иҟынтә иоуит, иара игәаанагарала, даара ицәгьаз адҵа. Идиҵазеи уи Иегова?

«Угыл, уца... Ниневиаҟа»

6. Иарбан дҵоу Иегова Иона ииҭаз, насгьы уи даршәар залшози?

6 Иегова Иона иеиҳәеит: «Угыл, уца ақалақь ду Ниневиаҟа, насгьы ирылаҳәа иара аусцәгьақәа сара сҟынӡа ишааиз» (Иона 1:2). Ицәгьаӡам аилкаара ари адҵа уаршәар залшоз. Ниневиа Мрагылара аганахь иҟан, уаанӡа 800 километра раҟара бжьан, шьапылагьы мызкы аҟара амҩа уқәхон. Аха ари амҩа цәгьа Иона изыҳәан зегь реиҳа иуадаҩыз акы акәымшәа убар алшон. Ниневиа ақалақь аҿы Иона Иегова иқәыӡбарақәа рылеиҳәар акәын агәымбылџьбарара аазырԥшуаз, насгьы рыцҳашьара зламыз ҳәа еицырдыруаз ассириаа. Нас дзықәгәыӷыр алшози Иона ажәабжь аниҳәоз амурҭаҭцәа рҟынтә, Анцәа ижәлар изымӡырҩызар? Иҟаиҵар илшози аӡәы заҵәык Иегова имаҵзуҩы аҵыхәтәаны «ашьа казҭәоз ақалақь» ҳәа зыхьӡырҵаз ақалақь дуӡӡа Ниневиа аҟны? (Наум 3:1, 7).

7, 8. а) Дзызхиази Иона Анцәа идиҵаз наимыгӡарц азы? б) Избан изаԥсам Иона дшәаргәындоуп ҳәа иԥхьаӡара?

7 Ҳара иҳаздырӡом Иона абас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа ихахьы иааиуазу-имааиуазу, аха ибзианы иаҳдыруеит уи дшыбналаз. Иегова Иона идиҵеит Мрагыларахь дцарц, аха иара иахьынӡаилшоз ихараны Мраҭашәарахь дцеит. Иара днеит ага иҟаз абаӷәазатә қалақь Иоппиа аҟынӡа, уаҟа Фарсис ицоз аӷба дҭалеит. Аҵарауаа шьоукы ирыԥхьаӡоит Фарсис Испаниа иҟан ҳәа. Ус акәзар, Иона 3 500 километра Ниневиантә дцеит. Иахьа Адгьылбжьаратә мшын ҳәа изышьҭоу Амшын Ду уахысны ныҟәара шықәсык агар алшон! Убри зегьы Иона дазхиан, Анцәа идиҵаз адҵа наимыгӡарц азы! (Шәаԥхьа Иона 1:3.)

8 Иаԥсоума Иона дшәаргәындоуп ҳәа иԥхьаӡара? Ҳмыццакып уи аҩыза алкаа аҟаҵара. Анаҩс ҳара иаҳбараны ҳаҟоуп, иара агәымшәара зҵоу аусқәа рыҟаҵара шилшаз. Аха ҳара зегь ҳаиԥш, Иона инаӡамыз уаҩын, насгьы имаҷымкәа имаз играқәа дырҿагылон (Аԥсал. 50:7 [51:5, АдҾ]). Ҳара зегьы егьарааны ҳшәахьеит.

9. Ҳазхәыцлар шԥаҳалшо зны-зынла Иегова иҳаиҭо адҵа, насгьы иарбан ихадоу иашароу иаҳгәалашәалар ҳахәҭоу?

9 Зны-зынла ҳгәы иаанагалар алшоит Анцәа мыцхәы иуадаҩу, насгьы иузынамыгӡо адҵақәа ҳаиҭошәа. Иаҳҳәап, ҳара ҳаршәар алшоит ақьырсианцәа зегьы ирыду адҵа Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара (Матф. 24:14). Шаҟа имариоузеи акрызҵазкуа Иисус ииҳәаз ажәа ҵабыргқәа рхашҭра: «Анцәа зегьы илшоит»! (Марк 10:27). Ари аҵабырг анҳаҩҳажьуа, Иона ицәаныррақәа еилаҳкаар ҳалшоит. Аха дабананагеи уи абналара?

Иегова дириашоит азымӡырҩра аазырԥшыз аԥааимбар

10, 11. а) Дзықәгәыӷыр илшози Иона аидарамҩангага ӷба абаӷәаза аҟынтә иандәықәлоз? б) Иарбан шәарҭароу изықәшәаз аӷбеи уи аекипажи?

10 Ҳхаҿы иааҳгап Иона аӷба дышҭалаз, уи финикиатәи аидарамҩангага ӷба акәызҭгьы ҟаларын. Иара дрыхәаԥшуан акаԥдани игәыԥи ирццакны аус шыруаз, аӷба абаӷәаза аҟынтә идәықәлаанӡа. Иона амшын аԥшаҳәа еиҳа-еиҳа ишыхарахоз, аамҭак ашьҭахь зынӡа аҽшаҵәахыз анибоз, иара игәы иаанагозар акәхарын даара дзыцәшәоз ашәарҭара иҽацәиихьчеит ҳәа. Аха иаалырҟьаны амш аҽаԥсахит.

11 Аԥша цәгьа амшын ашәах хнарчылеит, нас амшын ӷәӷәала ицәқәырԥо иалагеит. Ацәқәырԥақәа убриаҟара идуун, иаабац аӷбақәа хәмаргазшәа убон. Иаарласны амҿтәы ӷба, ақәтаӷьцәа еиԥш, ацәқәырԥа дуқәа идыршәуа, нас урҭ рыбжьара иҭаҳауа иалагеит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иона иҩит «Иегова амшын аԥша ӷәӷәа алаирсит» ҳәа. Аха уи аамҭазы идыруазма иара уи аӡбахә? Ицәгьоуп аҳәара. Аха иара ибон амшынуаа еиуеиԥшым анцәақәа ирыҳәо ишалагаз, насгьы идыруан урҭ рҟынтә ацхыраара шыҟамло (Алев. 19:4). Иона иҩуан: «Даҽа хәыҷык ашьҭахь аӷба ԥыххааса ицозшәа угәы иабон» (Иона 1:4). Аԥааимбар иӡбахә ҳҳәозар, илшозма иара дызцәыбналаз Анцәа иҳәара?

12. а) Избан амшынеисра ӷәӷәа аныҟаз Иона дахьыцәаз азы ҳара иқәыӡбара ҳзахымыццакыр акәу? (Шәахәаԥш иара убас албаага.) б) Дышԥадирбеи Иегова арыцҳара зыхҟьаз?

12 Акгьы шилымшоз анеиликаа, иара аӷба акыӷә ахь дылбаан дахьықәиаша аҭыԥ иԥшааит. Уаҟа иара дҭаҳәахаа дыцәеит *. Акаԥдан Иона дыԥшааны дирҿыхеит, нас иаргьы егьырҭ реиԥш Инцәа диҳәаларц идиҵеит. Амшынуаа агәра ганы иҟан, ари амшынеисра иԥсабаратәым амчқәа ишрыхҟьаз, убри аҟынтә дара аҵәы ҭарыԥсеит, аӷба иҭаз ауаа рҟынтә ари арыцҳара зхароу деилыркаарц азы. Ҳәарада, Иона еиҳа-еиҳа игәы ҭыԥсаауан, изхароу деилыркаарц азы аҵәы ҭарыԥсацыԥхьаӡа. Иаарласны аиаша цәырҵит. Иегова Иона ихҟьаны амшынеисра иалаиргеит, нас иҭарыԥсаз аҵәы иара далнахыртә иҟаиҵеит. (Шәаԥхьа Иона 1:5—7.)

13. а) Иарбан иашоу Иона амшынуаа ирзеиҭеиҳәаз? б) Ирыдигалазеи Иона амшынуаа, насгьы избан?

13 Иона амшынуаа зегь рзеиҭеиҳәеит. Зегьзымчу Анцәа Иегова имаҵзуҩы шиакәызгьы, иара Инцәа игәы нирхеит, дицәыбналаны данца, уи ала зегьы ашәарҭара бааԥсы иҭаиргылеит. Амшынуаа шанханы иҟан. Иона урҭ рыблақәа аҿаасҭа хибаалон. Урҭ иара иазҵааит аӷбеи рыԥсҭазаареи реиқәырхаразы иҟарҵар акәу. Ҭакс иҟаиҵазеи Иона? Иҟалап иара ицәа дҭаӡыӡазар, ицәқәырԥоз амшын хьшәашәаҿы дӡааҟәрылар ҟалоит ҳәа даназхәыц. Аха иалиршозма иара ихарала ауаа ԥсыртә, реиқәырхара алшара шимаз? Иона иҳәеит: «Сышьҭыхны амшын салашәыжь, нас шәара шәзы амшын еиқәтәоит, избанзар сара издыруеит ари афырҭын ӷәӷәа ишәыжәлаз сара ишсыхҟьаз» (Иона 1:12).

14, 15. а) Ишԥаҳалшо Иона игәрахаҵара ӷәӷәа аҿыԥшра? б) Ишԥарыдыркылеи амшынуаа Иона иҳәара?

14 Ашәаргәында ус иҳәарымызт. Иҟалап Иегова деигәырӷьазар, уи агәкаҳара аамҭазы Иона агәымшәареи ахамеигӡареи ахьааирԥшыз. Ара иубарҭоуп Иона игәрахаҵара ӷәӷәа. Иахьа ҳара уи ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит, ҳманшәалара аасҭа егьырҭ рманшәалара аԥхьатәи аҭыԥ аҿы ианҳаргыло (Иоанн 13:34, 35). Ҳара ианаҳбо аӡәы ишиҭаху ацхыраара, иаҳҳәап аматериалтә, аемоциатә, мамзаргьы адоуҳатә, ҳазхиоума ацхыраара иҭара? Ус ҟаҳҵалар, ҳара Иегова даараӡа дҳаргәырӷьоит!

15 Иҟалап Иона иажәақәа амшынуаагьы ргәаҟынӡа инеизар, избанзар раԥхьа дара ирҭахӡамызт уи иҳәара анагӡара. Уи аҭыԥан дара ирылшоз зегь ҟарҵон амшынеисра иаиааирц, аха башан. Афырҭын еиҳагьы аҽарцәгьон. Аҵыхәтәаны дара еилыркааит уаҳа ӡбашьак шыҟам. Иона Инцәа Иегова иахь рхы рханы агәрыцҳашьара иаҳәаны, урҭ аԥааимбар аӷба аҿышәҭ дхырбганы, амшын даларыжьит (Иона 1:13—15).

Иона иҳәарала амшынуаа аӷба аҿышәҭ дхырбганы, амшын даларыжьит

Иона агәрыцҳашьареи ахақәиҭреи иоуеит

16, 17. Шәахцәажәа Иона амшын даналарыжь ашьҭахь ихьыз. (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

16 Иона еилаҩынтуаз ацәқәырԥа дуқәа дрылахеит. Иҟалап аамҭак азы иара дӡаамыҟәрылартә иҽиҟьозҭгьы, насгьы аӡы ашәахи ацыԥхьқәеи дрылԥшны ибозҭгьы шаҟа лассы ихарахоз аӷба. Аха убри аамҭазы иара ацәқәырԥа ду дыхнаҩеит, нас Иона амшын аҵахь дагеит. Иара еиҳа-еиҳа аҵахь дцон, насгьы еиликаауан уаҳа агәыӷра шимамыз.

17 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иона ицәаныррақәа ртәы иҩуан. Ихәыцраҿы иԥсҭазаара зегь ииасит. Иара илахь еиқәнаҵеит Иерусалим иҟаз Иегова иуахәама ԥшӡа уаҳа ахаан иахьимбоз. Иона амшын аҵахь, ашьхақәа ршьапаҟынӡа дылбаазшәа, насгьы уаҟа аӡҵиаақәа дԥахны дыркызшәа игәы иабон. Иара игәы иаанагон ара инышәынҭра акәхоит ҳәа. (Шәаԥхьа Иона 2:2—6.)

18, 19. Ихьзеи Иона амшын аҵаҿы, дылбааздазеи иара, насгьы напхгара рызҭодаз арҭ ахҭысқәа зегьы? (Шәахәаԥш иара убас албаага.)

18 Аха изакәызеи уи? Иааигәа иаацәырҵит идуӡӡаз, еиқәаз зыԥсы ҭаз акы. Уи Иона иахь ахы рханы иаауан. Еиҳа изааигәахан, асаса еихнахит — нас дылбаанадеит!

Иегова иоуп «аԥсыӡ ду адҵа азҭаз дылбаанадарц»

19 Иона игәы иаанагон шьҭа ари ҵыхәтәоуп ҳәа. Дахьымԥсыз иара изы иџьашьатәхеит. Иара ибаҩқәа зегь еибган, а́ца дахьҭаз дарсаӡомызт, насгьы дхәаҽӡомызт. Иԥсы ҭан, иара изы инышәынҭраны иҟалар акәыз аҭыԥ аҿы дшыҟазгьы. Иона имаз аҳаҭырқәҵара еиҳа-еиҳа еизҳаит. Ҳәарада, Анцәа Иегова иоуп «аԥсыӡ ду адҵа азҭаз дылбаанадарц» * (Иона 1:17).

20. Еилаҳкаар ҳалшозеи ҳара Иона изкны аԥсыӡ дуӡӡа амгәа данҭаз ииҳәаз анцәаиҳәара аҟынтә?

20 Ицеит аминуҭқәа, нас асааҭқәа. Ак умбо аҟынӡа илашьцан, уи аҩыза Иона ахаан имбацызт, нас иара ахәыцра дҭанагалеит, Анцәа Иегова иҳәарагьы далагеит. Иона ишәҟәы 2-тәи ахаҿы иану инцәаиҳәара аҟынтә аԥааимбар изкны еилаҳкаауа рацәоуп. Уи иаҳнарбоит Иона Аҩыра бзианы ишидыруаз, избанзар иара лассы-лассы Аԥсаломқәа дырзааҭгылон. Иона инцәаиҳәара иара убас иаҳнарбоит уи аџьшьара аазырԥшуа ауаа дышреиуаз. Абар иара уи шыхиркәшаз: «Сара аџьшьара ажәақәа ҳәаны амҭа узназгоит. Уҿаԥхьа исықәысҵаз аҿаҭахьа насыгӡоит. Аиқәырхара — Иегова иҟынтә ауп» (Иона 2:9).

21. Еиликаазеи Иона Иегова аиқәырхара шилшо иазкны, насгьы иарбан ихадоу иашоу ҳара иаҳгәалашәалар ҳахәҭоу?

21 «Аԥсыӡ амгәа» данҭаз, Иона ихатә ԥышәа инарҵеит Иегова дарбанзаалак, ианакәзаалак, насгьы иахьакәзаалак иеиқәырхара шилшо. Абраҵәҟьагьы Иегова агәаҟра иақәшәаз имаҵзуҩы дыԥшааны деиқәирхеит (Иона 1:17). Иегова заҵәык иоуп изылшо хаха-хымш аԥсыӡ дуӡӡа амгәа иҭаз ауаҩы иеиқәырхареи ихьчареи. Иахьа ҳара иаҳхамышҭлароуп Иегова — ари «ҳаԥсыԥ зку Анцәа» шиакәу (Дан. 5:23). Ҳара ҳаԥсыԥ ахьаҳго, насгьы ҳаԥсы ахьҭоу иара иоуп изыбзоуроу. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәома ҳара Иегова? Иахәҭаӡами нас уи ҳаизыӡырҩлар?

22, 23. а) Ишԥақәшәеи иаарласны аԥышәара Иона имаз аџьшьара? б) Иҿаҳҵаар ҳалшозеи Иона, агха ҳахьзар?

22 Иаҳҳәар ҳалшозеи Иона изкны? Иҵама иара Иегова иахь аџьшьара аарԥшышьа, азыӡырҩра аарԥшуа? Ааи, иҵеит. Хаха-хымш рышьҭахь аԥсыӡ аҟәара иазааигәахан, «Иона адгьыл ахь аҿы дҭырбганы дықәнажьит» (Иона 2:10). Шәхаҿы иаажәг, иҟалаз зегь ашьҭахь Иона аҟәара аҟынӡа аӡсарагьы иқәымшәаӡеит! Ҳәарада, иара еиликаар акәын дахьыҟаз, насгьы дахьцар акәыз. Аха иаарласны иара иџьшьара аԥышәара иақәшәеит. Иона 3:1, 2 аҟны иануп: «Анаҩс Иона аҩынтәраан Иегова иажәа изаатит, уи иаҳәеит: „Угыл, уца ақалақь ду Ниневиаҟа, насгьы иуасҳәо рылаҳәа“». Ихы шԥамҩаԥигеи аԥааимбар?

23 Иара аамҭа имгеит. Ҳара ҳаԥхьоит: «Иона дгыланы Ниневиаҟа дцеит, Иегова ишидиҵаз еиԥш» (Иона 3:3). Ааи, иара азыӡырҩра ааирԥшит. Иубарҭоуп игхақәа хәарҭа шрылихыз. Уи аганахьалагьы Иона игәрахаҵара аҿыԥшра иаԥсоуп. Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаҵоуп, насгьы агхақәа ҟаҳҵоит (Рим. 3:23). Аха ҳгәы каҳажьуама ҳара? Мамзаргьы ҳара ҳагхақәа хәарҭа рылганы, ҳхынҳәуама Анцәа изыӡырҩра амҩахь, насгьы гәыкала имаҵзурахьы?

24, 25. а) Иарбан ҳамҭоу дзыԥсахаз Иона иԥсҭазаара ашықәсқәа раан? б) Иарбан зылԥхарақәоу аԥхьаҟа Иона изыԥшу?

24 Иоума Иона Иегова иҟынтә азылԥхарақәа иааирԥшыз азыӡырҩразы? Ааи, иоуит. Раԥхьаӡа иргыланы, иҟалап Иона еиликаазар амшынуаа рыԥсы шеиқәхаз. Иона ахамеигӡара анааирԥш ашьҭахь, иаразнак амшынеисра еиқәтәеит. Амшынуаа «Иегова иҿаԥхьа ашәара ӷәӷәа роуит», насгьы рымцнцәахәқәа ракәымкәа, иара амҭа изнаргеит (Иона 1:15, 16).

25 Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иона даҽа ҳамҭа дук даԥсаны дҟалеит. Иона аԥсыӡ амгәа данҭаз аамҭа Иисус иара ихаҭа анышәынҭраҿы, мамзаргьы шеол аҿы даныҟало аамҭа ԥааимбаражәала иаҿирԥшит. (Шәаԥхьа Матфеи 12:38—40.) Шаҟа даргәырӷьараны дыҟоузеи Иона ари зегь аниаҳалак, адгьыл аҿы анхаразы иԥсы анҭалалак! (Иоанн 5:28, 29). Иегова иҭахуп шәаргьы азылԥхарақәа шәиҭарц. Хәарҭа рылышәгалома шәаргьы шәыгхақәа, Иона иеиԥш, насгьы иаашәырԥшлома азыӡырҩреи ахашьҭамзаареи?

^ 4 абз. Иона хылҵшьҭрала галилеиатәи ақалақь дахьатәыз ахшыҩзышьҭра аҭахуп, избанзар афарисеицәа Иисус иӡбахә ианалацәажәоз, рыҽхарззаланы ирҳәеит: «Инҭкааны уахәаԥш, нас агәра угап аԥааимбар Галилеиахьтә дшымаауа» (Иоанн 7:52). Афарисеицәа ирҳәон уиаҟара улаԥш иҵамшәо Галилеиантә ԥааимбарк ахаангьы дмааӡац, даарангьы дыҟам ҳәа, аха аӡәырҩы аиҭагаҩцәеи аҭҵааҩцәеи ргәаанагарала, урҭ баша шьаҭа змам ажәақәоуп. Ус акәзар, урҭ аҭоурыхи аԥааимбаражәақәеи ирызхьаԥшуамызт (Ис. 9:1, 2).

^ 12 абз. Асептуагинта иаҳәоит, Иона ихәда абжьы гон ҳәа. Уи иаҳнарбоит шаҟа иӷәӷәаны иара дыцәаз. Аха Иона дахьыцәаз иаанагомызт хьаас акгьы имамызт ҳәа, избанзар ацәаразы агәаҳәара агәкаҳара ӷәӷәа иузцәырнагар алшоит. Иаҳҳәап, Гефсимантәи абаҳчаҿы Иисус агәаҟрақәа анихигоз, Пиотр, Иаков, насгьы Иоанн «гәырҩала икараха ицәан» (Лука 22:45).

^ 19 абз. Ажәытәуриатә ажәа «аԥсыӡ» еиҭаган ажәытәбырзен бызшәахьы «амшынтә мамыршәага», мамзаргьы «аԥсыӡ дуӡӡа» ҳәа. Изалшом инагӡаны аилкаара, иарбан мшынтә шамҭоу зыӡбахә ҳәоу. Аха Адгьылбжьаратә мшын аҿы иуԥылоит ауаҩы дшеибгоу дылбааздо идуӡӡоу аӷламқәа. Егьырҭ адунеи ахәҭақәа рҿы иҟоуп акырӡа еиҳау аӷламқәа. Иаҳҳәап, акиттә ӷлам аура 15 метра, мамзаргьы еиҳаны иҟазар алшоит.