АХЫ 20
«Сара агәра згоит»
1. Шәрыхцәажәа Марфа лцәаныррақәа, насгьы иҳаилшәыркаа, избан лара лгәы каҳаны дзыҟаз?
МАРФА уажәы-уажә лыбла ихгылон ибааԥсыз асахьа: лашьа агәаларшәаратә дамра дҭарҵоит, нас аҭаларҭа ахаҳә ду адырҵоит. Марфа дгәынқьуан илзымычҳауаз ахьаа аҟынтә. Лара агәра лызгомызт ӷәӷәала бзиа илбоз лашьа уаҳа дшыҟам. Лазарь данԥсы ашьҭахь, ԥшьымш аԥхыӡ еиԥш ииасит: алаӷырӡ, ауаа, адышшыларақәа.
2, 3. а) Иарбан цәаныррақәоу Марфа илызцәырҵыр алшоз, Иисус данылба? б) Иаадырԥшуазеи Марфа илҳәаз ажәа хадақәа?
2 Абар уажәшьҭа Марфа лааигәара дгылан Лазарь акыр изаԥсаз ауаҩы. Лара данылба Иисус — адунеи ахьынӡа-наӡааӡо лашьа иеиқәырхара зылшоз — ацәыӡра ахьаа дырҩегьых илызцәырҵит. Ус шакәызгьы, Марфа лгәы ҟанаҵеит Иисус рқыҭа Вифаниа дааны, рааигәара дахьыҟаз. Лара иаразнак лгәы арԥхеит қьиарала иҭәыз иҿаԥшылара, насгьы иааирԥшуаз арыцҳашьара амч лынаҭон. Иара Марфа зҵаарақәак лиҭеит, аԥсҭаларазы агәрахаҵара лхы азылышьҭыртә илыцхрааша. Уи аиҿцәажәараан Марфа илҳәеит лыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадаз ажәақәа: «Сара агәра згоит Уара аԥсабарахь иаараны иҟоу Анцәа Иԥа Христос шуакәу» (Иоанн 11:27).
3 Ишаҳбо еиԥш, Марфа агәрахаҵара ӷәӷәа лыман. Абиблиаҿы лара илызкны имаҷуп иану, аха уи ихәарҭо́у аурокқәа алоуп, урҭ ҳаргьы ҳагәрахаҵара арӷәӷәара иҳацхраауеит. Шәааи еиҳа еиӷьны деилаҳкаап ари Анцәа изиашаз аԥҳәыс.
Дзыргәаҭеиуаз, деилазырхоз рацәан
4. Избан Марфа лҭаацәара аҩыза шамахамзар иҟамызт ҳәа ҳҳәар зҳалшо, насгьы ишԥаизыҟаз урҭ Иисус?
4 Мызқәак раԥхьа Лазарь иԥсы анҭаз, насгьы агәабзиара анимаз, иара иҩны Вифаниа ақалақь аҿы дизыԥшын асас дахь, Иисус Христос. Лазарьи иаҳәшьцәа гәакьақәа Марфеи Мариеи — хҩык ауаа,— иҟалап хыбрак аҵаҟа еицынхозҭгьы, уи аҩыза Иоанн 11:5). Иҳаздыруам, дара рҟынтә аӡәы зны аҭаацәара далалахьазу, мамзаргьы мап. Ишыҟазаалакгьы, дара зегь Иисус иҩызцәа гәакьақәа ракәын. Иисус Иудеиа аҿагыларақәеи ацәымӷрақәеи дахьрықәшәоз Анцәа имаҵзура данаҿыз, лассы-лассы дара рҿы даангылон. Ҳәарада, Иисус даара ахә ҳаракны ишьон дара рыҩнаҿы иара аҭынчреи агәышьҭыхреи ахьиԥшаауаз.
аҭаацәара шамахамзар иҟамызт. Абиблиа аҭҵааҩцәа шьоукы Марфа деиҳабын ҳәа рыԥхьаӡоит, избанзар аҩны аԥшәмаԥҳәыс леиԥш лхы мҩаԥылгон, насгьы зны-зынла лара лыхьӡ раԥхьа иарбоуп (5, 6. а) Избан Марфа убриаҟара дзеиладырхаз Иисус идкыларазы дызҿыз аҽазыҟаҵарақәа? б) Иарбан лшароу Мариа илоуз, насгьы уи лхы ишԥалырхәеи?
5 Уи аҩнаҿы иҟаз аԥхарреи аиҿкаареи Марфа лакәын изыбзоураз. Акруреи аилҟьареи злаз ари аԥҳәыс еснагь акы даҿын. Уажәгьы убас акәын. Марфа иаразнак илыӡбеит еиуеиԥшым ачыс хкқәа рацәаны рыҟаҵара иаараны иҟаз асас дахь идкыларазы, иҟалап иара ицны иаауа ауаа ҟалозҭгьы. Усҟантәи аамҭазы асасдкылара даараӡа ихадан. Асас аҩны данааилак, аԥсшәа иаҳәаны дгәыдыркылон, ишьаҵа ишьырхуан, ишьапқәа рыӡәӡәон, насгьы зыфҩы хааз ахәша ихы иахьыршьуан. (Шәаԥхьа Лука 7:44—47.) Уи адагьы, аԥсшьаразы иманшәалаз аҭыԥ издырхион, насгьы ачыс хаақәа иҿарҵон.
6 Марфеи Мариеи иҟарҵашаз рацәан. Еиҳа згәы ԥшқоу, згәы иҭахәыцуа ҳәа шьоукы ирыԥхьаӡоз Мариа раԥхьа лаҳәшьа длыцхраауан. Аха Иисус данааи, насгьы дырҵара даналага, лара лыҩнтәи аусқәа аанлыжьит. Усҟантәи аамҭазы иҟаз адиннапхгаҩцәа реиԥш акәымкәа, Иисус патуқәҵарала аҳәса дырзыҟан, насгьы Анцәа Иаҳра атәы рзеиҭеиҳәон. Мариа деигәырӷьеит Иисус изыӡырҩра алшара ахьлоуз, убри аҟынтә ишьапаҿы дтәаны ииҳәоз зегь гәнылкылон.
7, 8. Избан Марфа лгәынамӡара еиҳа-еиҳа изеизҳауаз, насгьы ишԥаалырԥши уи аҵыхәтәаны?
7 Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Марфа лгәынамӡара еиҳа-еиҳа ишеизҳауаз. Лара еиуеиԥшым ачыс хкқәа ҟалҵар акәын, насгьы асасцәа рымаҵ лур акәын, убри аҟынтә лара еиҳа-еиҳа лгәы еибакуан, насгьы уи хьаалгон. Даара еилахаз Марфа дыццакы-ццакуа аҩны даныҩназ, илбон лаҳәшьа дыштәоу, насгьы лыцхраара лыгәгьы ишҭам, убри аҟынтә лара дқәыԥсычҳауазар, насгьы лҿаԥшылара лырцәгьозҭгьы акәхарын. Уи деилаҳкаар ҳалшоит, избанзар лара зегьы лхала аҟаҵара лымч ақәхомызт!
8 Аҵыхәтәаны Марфа уаҳа лылымшеит. Лара Иисус иажәа Лука 10:40). Урҭ ихжәаз жәақәан. Абиблиа еиҭагақәак рҿы лара лызҵаара абас иануп: «Иҳақәиҭу! Хьаас иумаӡами?..» Иара убас лара Иисус диҳәеит Мариа аҩн усқәа рахь дхынҳәыртә лыдиҵарц.
ҿаԥҽны иалҳәеит: «Иҳақәиҭу, гәхьаас иумаӡами саҳәшьа схала умаҵ аура сахьазынлыжьыз? илаҳәа дсыцхрааразы» (9, 10. а) Иарбан ҭаку Иисус Марфа илиҭаз? б) Иабантәаадыруеи ҳара Марфа афатә хаақәа рыҟаҵаразы лҽазышәарақәа башоуп ҳәа Иисус ишимԥхьаӡоз?
9 Иисус иҭак иҟалап Марфа уамашәа илбазар, уи ашьҭахь аӡәырҩы Абиблиа аԥхьаҩцәа реиԥш. Иара хаала илеиҳәеит: «Марфа! Марфа! бара жәпакы рзы бгәаҭеиуеит, бшаҟьоит. Иаҭаху акы заҵәык ауп. Мариа даҽа разҟы-хирк алылхит, уи аӡәы илымихраны дыҟам» (Лука 10:41, 42). Ииҳәарц ииҭахызи уи ала Иисус? Иаанагозма уи иажәақәа Марфа адоуҳарахьы аинтерес лымамызт ҳәа? Иҳәарц иҭахызма иара гәыкала ачыс хаақәа рыҟаҵаразы лҽазышәарақәа башан ҳәа?
10 Ҳәарада, мап. Иисус еиликаауан Марфа дызҿыз аус абзиабареи агәыцқьареи шаҵаз. Уи адагьы, иара ибарақьаҭу асасдкылара иашам ҳәа иԥхьаӡомызт. Иаҳҳәап, ҽнак зны иара дцеит Матфеи иара изы ирхиаз «ачеиџьыка ду» ахь (Лука 5:29). Афатә акәӡамызт аус злаз, аха Марфа ихаданы илыԥхьаӡоз акәын. Лара убриаҟара афатә ԥшаарахқәа рыҟаҵара дахнагеит, еиҳа ихадаз лаҩлыжьит. Аха иарбаныз уи?
Иисус ахә ҳаракны ишьон Марфа лысасдкылара, насгьы еиликаауан дызҿыз аус абзиабареи агәыцқьареи шаҵаз
11, 12. Дышԥаириашеи Иисус Марфа ирҟәымшәышәны?
11 Марфа лыҩны иҟаз Иегова ихшаазаҵәу Иԥа Иисус ихаҭа иакәын, насгьы иара Анцәа изкыз аиаша дирҵон. Нас ихадазма уи аҵкыс афатә хааи асасдкылареи? Иҟалап Иисус игәы иалазҭгьы Марфа лыгәрахаҵара арӷәӷәаразы зеиԥшыҟам алшара ахьлаҩлыжьуаз, аха уи лара иалылхыз акәын *. Уимоу, Мариагьы уи алшара лымылхырц лҽазылшәон.
12 Иисус Марфа лгәы ирҭынчырц азы, хаала лыхьӡ ҩынтә иҳәеит, анаҩс ирҟәымшәышәны дириашеит, иагьлеиҳәеит мыцхәы агәаҭеиреи аилыхареи шаҭахым. Ачысхкқәа акык-ҩбак азхон, избанзар
иҟаз ауаа зегьы адоуҳатә ча́ра иалагәырӷьалар рылшон. Иисус Мариа илыгхар иҭахымызт иреиӷьыз — иара иҿы аҵара алшара.13. Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус Марфа илеиҳәаз?
13 Иахьа Иисус ишьҭанеицәа ари ахҭыс иднарҵо рацәоуп. Ҳара ҳдоуҳатә ҭахрақәа рхарҭәааразы, акгьы ҳԥырхагамхалароуп (Матф. 5:3). Марфа илылаз аҳалалреи акруреи аҿыԥшра иаԥсоуп, аха иаҭахым мыцхәы агәаҭеиреи аилыхареи усҟак ихадам асасдкылара аганахьала, еиҳа ихадоу ҳаҩҳмыжьырц азы. Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо сасра ааԥхьара анраҳҭо, ачыс ԥшаарахқәа рызцәыргара мацара акәӡам хықәкыс иҳамоу, аха зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳагәқәа шьҭибахырц, насгьы адоуҳатә ҳамҭақәа рыцеиҩаҳшарц ауп. (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:11, 12.) Уи азы иаабац афатәгьы анаалоит.
Бзиа ирбоз рашьа дыԥсын, иԥсы ҭалеит
14. Избан ишьақәырӷәӷәаны иаҳҳәар зҳалшо Марфа ариашара лыдылкылеит ҳәа?
14 Илыдылкылама Марфа иҟәымшәышәыз ари ариашара? Ҳәарада. Апостол Иоанн Марфа лашьа изкыз ажәабжь абарҭ ажәақәа рыла далагоит: «Иисус бзиа ибауан Марфа, убас уи лаҳәшьагьы, Лазарьгьы» (Иоанн 11:5). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Вифаниатәи реиқәшәара аахыс мызқәак ҵхьеит. Ҳәарада, Марфа дгәааны дыҟамызт, насгьы Иисус игәаӷ лымамызт бзиабарала илиҭаз алабжьара азы. Уи аҭыԥан лара илеиҳәаз гәыкала илыдылкылеит. Уи аганахьала лара зеиԥшыҟам аҿырԥшы ҳзынлыжьит, избанзар ҳара ҳҟынтә дарбанзаалак зны-зынла ариашара иҭахуп.
15, 16. а) Дызлагазеи Марфа лашьа дшычмазаҩхаз анеилылкаа? б) Избан Марфеи Мариеи ргәыӷрақәа зынамӡаз?
15 Лазарь данычмазыҩха, Марфа имаҵ аура далагеит. Лара илылшоз зегь ҟалҵон иара дымгәаҟларц, насгьы дыбзиахарц азы дицхраауан. Аиаҳәшьцәа уахгьы-ҽынгьы имаҵ руан. Аха Лазарь еиҳа-еиҳа деицәахон. Марфа иааԥсаны иҟаз лашьа ихаҿсахьа данаҿаԥшуаз, иҟалап лассы-лассы илгәалашәозҭгьы еицырхыргаз ашықәсқәа, иара убас ирхыргахьоу агәырӷьарақәеи агәырҩақәеи.
16 Лазарь дшыԥсуаз анырба, аиаҳәшьцәа Иисус иахь ауаа рышьҭит. Иара ажәабжьҳәара даҿын дара ахьынхоз аҟынтә ҩымш амҩа уахьықәхоз аҭыԥ аҿы. Урҭ изнаргаз ажәабжь аилкаара мариан: «Иҳақәиҭу! абар Уара бзиа иубауа дычмазаҩуп» (Иоанн 11:1, 3). Дара ирдыруан Иисус рашьа бзиа дшибо, насгьы агәра ргон хымԥада иҩыза дышицхраауа. Игәыӷуазма аиаҳәшьцәа Лазарь дыԥсаанӡа Иисус даауеит ҳәа? Ааи акәзар, урҭ ргәыӷрақәа намӡеит. Лазарь дыԥсит.
17. Избан Марфа лгәынамӡара изазҳауаз, насгьы лхы шԥамҩаԥылгеи лара, Иисус Вифаниаҟа дшаауа анлаҳа?
17 Марфеи Мариеи рашьа дырҵәыуон, насгьы аҳаԥаҿы икҿаҵара рҽазыҟарҵон, иара убас Вифаниеи уи иазааигәаз аҭыԥқәеи рҟынтә иаауаз аӡәырҩы ауаа рыдыркылон. Аха Иисус иҟынтә уаанӡа еиԥш жәабжькгьы ыҟамызт. Аамҭа цон, Марфа лгәынамӡара иазҳауан. Абар, Лазарь данԥсы ашьҭахь ԥшьымш анҵы Марфа илаҳаит Иисус Вифаниаҟа дшаауа. Еснагь еилахаз, убри агәырҩа аамҭазгьы акы иаҿыз Марфа дҩагылан, Мариа Иоанн 11:18—20.)
акгьы ламҳәаӡакәа, Иисус иԥыларазы дыццакит. (Шәаԥхьа18, 19. Иарбан гәыӷроу Марфа зыӡбахә лҳәоз, насгьы избан лара лыгәрахаҵара иааџьоушьартә изыҟоу?
18 Арҵаҩы данылба, лаҳәшьеи лареи ариабжьарак ргәы иҵхоз иалҳәеит: «Иҳақәиҭу! Уара абраҟа уҟазҭгьы, сашьа дыԥсуамызт». Аха Марфа агәрахаҵареи агәыӷреи лцәымӡӡеит. Лара иалҳәеит: «Аха иара абыржәгьы издыруеит Уара Анцәа узиҳәауа арбанзаалак шуиҭауа». Аҭакс Иисус илеиҳәеит лгәыӷра зырӷәӷәаз ажәақәа: «Башьа дгылоит» (Иоанн 11:21—23).
19 Марфа Иисус аԥхьаҟа иҟало аԥсҭалара атәы иҳәоз џьылшьеит, убри аҟынтә илҳәеит: «Издыруеит аԥсҭалара аан аҵыхәтәантәи амш аҽны дышгыло» (Иоанн 11:24, АдҾ). Аԥсҭаларахьы илымаз агәрахаҵара иааџьоушьартә иҟоуп. Асаддукеицәа — аиудеиатә диннапхгаҩцәа — уи арҵара мап ацәыркуан, Иԥшьоу Аҩыраҿы уи аӡбахә еилыкка ишанугьы (Дан. 12:13; Марк 12:18). Аха Марфа илгәалашәон Иисус аԥсҭаларазы агәыӷра аӡбахә шиҳәоз, насгьы шьоукы рыԥсы шҭеиҵахьаз, урҭ Лазарь еиԥш акраамҭа икҿамызт аха. Уеизгьы лара илыздыруамызт анаҩс иҟалоз.
20. Иҳаилшәыркаа Иоанн 11:25—27 аҿы иану иухамышҭуа Христос иажәақәеи Марфа лҭаки ҵакыс ирымаз.
20 Убасҟан Иисус иухамышҭуа ажәақәа иҳәеит: «Сара соуп аԥсҭаларагьы абзазарагьы». Анцәа Иегова иара Иԥа ииҭеит амч аԥхьаҟа ауаа рацәа рыԥсы ҭеиҵарц азы. Иисус Марфа длазҵааит: «Ихабҵауоу абри?» Марфа ари ахы алагамҭаҿы иаагоу ажәақәа рыла аҭак ҟалҵеит. Лара агәра лгон, Иисус —уи Христос, мамзаргьы Мессиа, Анцәа Иегова Иԥа шиакәу, насгьы аԥааимбарцәа иаара аӡбахә шырҳәоз (Иоанн 5:28, 29; шәаԥхьа 11:25—27, АдҾ).
21, 22. а) Ишԥааирԥши Иисус иџьабоз ауаа рахь арыцҳашьара? б) Шәахцәажәа Лазарь иԥсҭалара.
21 Иршьома ахә ҳаракны Иеговеи иара Иԥа Иисус Христоси уи аҩыза агәрахаҵара? Ари азҵаара аҭак ҳаурц азы, шәааи еилаҳкаап анаҩс иҟалаз. Марфа иаразнак лаҳәшьа илызҿылҭит. Анаҩс лара илбеит Иисус илахь шеиқәыз Мариеи иџьабоз егьырҭ ауааи данрацәажәоз, насгьы дышҵәыуаз, имаз агәырҩа аарԥшра дацәыԥхамшьакәа. Иаалырҟьаны Марфа илаҳаит агәаларшәаратә дамра аҩналарҭа иадыз ахаҳә инахарц иара адҵа шыҟаиҵаз (Иоанн 11:28—39).
22 Иҟәышыз Марфа уи мап ацәылкит, избанзар Лазарь дыԥсижьҭеи ԥшьымш ҵхьан, насгьы иҟалап ицәеижь афҩы бааԥс ахылҵуазҭгьы. Иисус илгәалаиршәеит: «Сара ибасымҳәаз, ихабҵауазар Анцәа идуура балаԥшраны быҟоуп ҳәа?» Лара агәра лгон азы Иегова ихьӡ-иԥша лбеит. Уи аамҭазы Анцәа иара Иԥа ииҭеит амч Лазарь иԥсы ҭеиҵарц азы! Шәхаҿы иаажәг, Марфа лгәалашәараҿы илхамышҭуа иаанхаз: Иисус иажәақәа «Лазарь! уҭыҵ абрантә!»; Лазарь аԥскәырша икәыршаны, дгыланы аҭыҵырҭахь дандәықәла адамра аҟынтә ашьшьыҳәа игаз ашьҭыбжь; Иисус идҵа «Дыԥшәырты, иҿынаихааит». Иара убас лара илхашҭраны дыҟамызт шаҟа гәырӷьарыла Мариеи лареи рашьа игәыдиҳәҳәалаз. (Шәаԥхьа Иоанн 11:40—44.) Марфа лгәы ҭгәырӷьаауан!
23. Ишәзыҟарҵарц рҭахузеи Иегова Иԥеи иареи, насгьы иҟашәҵаларц шәыхәҭоузеи шәара уи азы?
23 Ари ахҭыс аҟынтә ҳара иаҳбоит, иԥсхьоу рыԥсҭалара — ари агәыӷра ҳазҭо абиблиатә ҵароуп, ус баша гәыхәтәым, насгьы Иов 14:14, 15). Иеговеи Иԥеи гәахәарыла азылԥхарақәа рырҭоит агәрахаҵара аазырԥшуа, Марфеи, Мариеи, Лазари азылԥхарақәа шрырҭаз еиԥш. Шәара агәрахаҵара ӷәӷәа шәымазар, ԥхьаҟатәи азылԥхарақәа жәбар шәылшоит.
иҟоуп уи шьақәзырӷәӷәо («Марфа амаҵ луан»
24. Иарбан аҵыхәтәантәи хҭысу Марфа илызкны Абиблиа иану?
24 Ари ахҭысқәа рҿы адагьы, Марфа лыӡбахә Абиблиа даҽазныкгьы иаҳәоит. Уи Иисус адгьыл аҿы иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амчыбжь азы акәын. Иара еиликаауан иаԥхьаҟа изыԥшу аԥышәарақәа, убри аҟынтә иӡбеит дырҩегь Вифаниа иҩызцәа рҿы даангыларц, Иерусалимынтә уанӡа х-километрак бжьан. Иисуси Лазарьи Симон зыхьӡыз ацәеилабаара чмазара змаз иҩнаҿы уаххьа рфон, уаҟа «Марфа амаҵ луан» (Иоанн 12:2).
25. Избан Марфа илеиԥшу аҳәса аизарақәа рзы зылԥхара дуны изыҟоу?
25 Шаҟа илеиԥшузеи уи лара! Абиблиа Марфа лыӡбахә раԥхьаӡа ианаҳәо лара аџьабаа лбоит; аҵыхәтәаны лыӡбахә анаҳәогьы, убас еиԥш аџьабаа лбоит, лааигәа иҟоу рымаҵ уа. Даара игәахәароуп иахьа Христос ишьҭанеицәа реизарақәа рҿы иахьыҟоу Марфа илеиԥшу аҳәса — ахачҳареи аҳалалреи аазырԥшуа, урҭ рыгәрахаҵара убарҭоуп ацхыраара ишазхиоу ала. Даанхама Марфа убас дшыҟаз аҵыхәтәанынӡа? Излаҳбо ала, ааи. Лара ҟәыӷарыла аамҭа лхы иалырхәон, избанзар ԥхьаҟа ауадаҩрақәа лзыԥшын.
26. Илылшазеи Марфа лыгәрахаҵара абзоурала?
26 Мышқәак рышьҭахь Марфа илбараны дыҟан Илықәиҭу Иисус иргәаҟратә ԥсра. Уи адагьы, агәымбылџьбареи агәыҩбареи злаз Христос дызшьыз ауаа ргәы иҭаркит Лазарьгьы ишьра, избанзар уи иԥсҭалара абзоурала аӡәырҩы агәрахаҵара роуит. (Шәаԥхьа Иоанн 12:9—11.) Аҵыхәтәаны аԥсра Марфеи илзааигәаз ауааи еилнахит. Ҳара иҳаздырӡом уи аныҟалаз, насгьы ишыҟалаз, аха агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит лыгәрахаҵара шлыцхрааз аҵыхәтәанынӡа хьаҵрада аанхара. Ҳәарада, Марфа лыгәрахаҵара аҿыԥшра иаԥсоуп!
^ 11 абз. I ашәышықәсазы ҳ. ҳ. ауриатә культураҿы аҳәсақәа академиатә дыррақәа роуӡомызт. Дара иддырҵоз аҩнтәи аусқәа рынагӡара мацара акәын. Убри азы акәхап Марфа изџьалшьаз аԥҳәыс арҵаҩы ишьапаҿы дтәаны акы аҵара дахьашьҭалаз.