Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 5

«Пату зқәу аԥҳәыс»

«Пату зқәу аԥҳәыс»

1, 2. а) Иарбан усыз Руфь иналыгӡоз? б) Еилылкаазеи Руфь Анцәа изакәан, насгьы ижәлар ирызкны?

РУФЬ мышкала еизылгаз ачаԥшь ачахҳәаҵәқәа дшьамхышланы днарыдтәалеит. Ахәлара иалагеит, икараха иҟаз аусуҩцәа ахәы иаҿагылаз ақалақь хәыҷы Вифлеем агәашәқәа рахь рҿынархеит. Руфь лымчқәа каԥсеит ари аус хьанҭа аҟынтә — лара шьыжьы аахыс амхурсҭа дҭан. Аха лара ачахҳәаҵәқәа лабала иҭәаҭәо лус налыгӡон. Руфь дшааԥсазгьы, агәахәара лзаанагеит қәҿиарала имҩасыз амш, уи дшақәымгәыӷуазгьы.

2 Еиӷьхо иалагама ари аԥҳәысеиба лыԥсҭазаара? Ҳазхысыз ахы ишаныз еиԥш, Руфь илыӡбеит ланхәа лҿы аангылара, лара дқәит ланхәа ахаан дшаанылмыжьуа, насгьы Ноеминь Лынцәа Иегова ларгьы дышлынцәахо. Убасала агәаҟра зхызгаз арҭ аҳәса Вифлеемҟа иааит. Иаарласны моавтәи аԥҳәыс Руфь илдырит Иегова Изакәан аӷарцәеи атәымтәылауааи шахьчо. Уажәшьҭа лара илбеит Анцәа аҵара зирҵоз, насгьы Азакәан аҵаҟа иҟаз Иегова ижәлар адоуҳатә гәазыҟашьеи ақьиареи шаадырԥшуаз. Уи ахәра змаз лгәы азы ихәшәхеит.

3, 4. а) Лгәы шԥашьҭихи Вооз Руфь? б) Ишԥаҳацхраауеи Руфь лҿырԥшы иахьатәи ицәгьоу аекономикатә аамҭақәа раан?

3 Урҭ реиԥш иҟаз ауаа дыруаӡәкын Вооз — ибеиаз, зықәрахь инеихьаз ахаҵа, уи имхурсҭақәа рҿы Руфь ачахҳәаҵәқәа еизылгон. Иахьа Вооз абык иеиԥш длызныҟәеит. Лара зықәрахь инеихьаз Ноеминь дахьлеиҷаҳауаз, насгьы ииашоу Анцәа Иегова иҿы аҽыҵәахырҭа дахьашьҭалаз азы дыширҽхәаз анылгәалашәоз, лара гәаныла дԥышәырччон. (Шәаԥхьа Руфь 2:11—14.)

4 Аха изеиԥшрахозеи ԥхьаҟатәи лыԥсҭазаара? Излалылшозеи лара ахаҵеи ахәыҷқәеи змам, иӷару атәымтәылаԥҳәыс зықәрахь инеихьаз Ноеминь лбара? Ирызхома дара Руфь аусуҩцәа рышьҭа дхыланы еизылго ачахҳәаҵәқәа? Илхылаԥшлода лара данажәлак? Еилкаауп, ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа ҭаха шлырымҭоз. Иахьатәи ицәгьоу аекономикатә аамҭақәа раан ус еиԥш иҟоу агәҭынчымрақәа зызцәырҵуа ауаа рацәоуп. Шәааи еилаҳкаап, Руфь лыгәрахаҵара шлыцхрааз арҭ аԥышәарақәа рыхгара, насгьы ҳахәаԥшып ари аԥҳәыс бзиа лҿырԥшы иаҳнарҵо.

Изакәызеи аҭаацәараҵәҟьа?

5, 6. а) Ишԥамҩаси Руфь раԥхьатәи лусура амш Вооз имхурсҭаҿы? б) Дышԥалԥылеи Ноеминь Руфь?

5 Руфь еизылгаз анылҭәаҭәа, аефа азна ачаԥшь алҵит — 20 литра маҷк инеиҳаны (14-ҟа килограмм). Амра ҭашәахьан лара ачаԥшь амаҭәа илаҳәаны, еиқәҿаҳәаны, лхы иқәҵаны Вифлеемҟа дандәықәла (Руфь 2:17).

6 Ноеминь уи лыхынҳәра даара деигәырӷьеит. Бзиа илбоз лҭаца ариаҟара ачаԥшь шаалгаз анылба, иааџьалшьеит. Иара убас Руфь иаалгеит маҷк афатә, Вооз иусуҩцәа ирызирхиаз шьыбжьхьа аҟынтә иаанхаз. Арҭ аҳәса уаххьа афара инатәеит. Ноеминь дҵааит: «Иабеизыбгоз иахьа ачахҳәаҵәқәа, аус абабуаз? Дныҳәоуп бара бгәазҭаз ауаҩы!» (Руфь 2:19). Ноеминь агәеилых бзиа змаз ԥҳәысын. Руфь иаалгаз арыцқәа шаҟа ирацәаз анылба, лара еилылкааит лҭаца лахь аӡәы ақьиара шааирԥшыз.

7, 8. а) Зеиҷаҳара лбада Ноеминь Вооз иқьиара аҟны, насгьы избан? б) Ишԥаалырԥшуаз Руфь анаҩсгьы ланхәа лахь азиашара зныԥшуаз абзиабара?

7 Нас Руфь аиҭаҳәара дналагеит. Руфь лзы Вооз иҟаиҵаз Ноеминь ианлаҳа, ус лҳәеит: «Дизылԥхааит Иегова уи ауаҩы, зыԥсы ҭоугьы иԥсхьоугьы абзиабара зҵоу ақьиара рызҭаз!» (Руфь 2:20). Вооз иааирԥшыз ақьиара аҟны лара илбеит Иегова иеиҷаҳара, змаҵзуҩцәа аҳалалра аадырԥшларц ргәазҭазҵо, насгьы иаадырԥшуа ақьиара азы азылԥхарақәа шриҭо иақәзыргәыӷуа *. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 19:17.)

8 Руфь ланхәа илзеиҭалҳәеит Вооз имхурсҭаҿы ачахҳәаҵәқәа еизылгаларц шлыдигалаз. Ноеминь уи лгәаԥхеит: «Уи бзиоуп, сыӡӷаб, иусуҩцәа рааигәара бахьыҟало, мамзар даҽа мхурсҭак аҿы бгәы ндырхар алшон». Анаҩс Абиблиаҿы ҳаԥхьоит: «Убас лара Вооз иусуҩцәа рааигәа дыҟан... насгьы ланхәа длыцынхон» (Руфь 2:22, 23). Аҵыхәтәантәи ажәақәа ҳара ҳазхьадырԥшуеит Руфь зыхә ҳаракыз лҟазшьақәа руак ахь — азиашара зныԥшуа абзиабара. Лара лҿырԥшы ҳгәазҭанаҵоит аҭаацәара ахә ҳаракны иаҳшьоу-иҳамшьоу азхәыцра: ҳрывагылоума иаҳзааигәоу ауаа, насгьы ҳрыцхраауама урҭ ацхыраара ианаргәаҟуа. Ари аҩыза азиашара зныԥшуа абзиабара Иегова иаҩижьӡом.

Руфьи Ноеминьи рҿырԥшы ҳгәазҭанаҵоит иҳамоу аҭаацәара пату ақәҵара

9. Иаҳнарҵозеи ҳара Руфьи Ноеминьи рҿырԥшы аҭаацәара иазкны?

9 Руфьи Ноеминьи иҭаацәараҵәҟьоуп ҳәа рзаҳҳәар ҳалшома? Аӡәырҩы ргәы иаанагоит аҭаацәараҵәҟьа — ари ахаҵа, аԥҳәыс, аԥацәа, аԥҳацәа, абдуцәа, андуцәа ахьыҟоу мацара ауп ҳәа. Руфьи Ноеминьи рҿырԥшы иаҳгәаланаршәоит ихарҭәаам аҭаацәараҿгьы Иегова имаҵзуҩцәа абзиабареи ақьиареи злоу аизыҟазаашьақәа реизырҳара шрылшо. Ахә шәшьома шәара шәҭаацәара, ихәыҷызаргьы? Иисус ишьҭанеицәа агәра диргеит аҭаацәара змамгьы ақьырсиантә еизараҿы уи роур шрылшо (Марк 10:29, 30).

Руфьи Ноеминьи еицхыраауан, насгьы ргәы шьҭибахуан

«Аҿыхразы азин змоу дреиуоуп иара»

10. Иарбан цхыраараз Ноеминь Руфь илылҭарц илҭахыз?

10 Руфь Вооз имхурсҭаҿы ачахҳәаҵәқәа еизылгон апрель ачаԥшь аҭагалара ианалаго инаркны ииун ачарыц аҭагалара ианалго аҟынӡа. Аамҭа цон, Ноеминь еиҳагьы дазхәыцуан бзиа илбоз лҭаца лзы иҟалҵар лылшоз. Дара Моав ианынхоз, Ноеминь агәра ганы дыҟан Руфь ҿыц хаҵа ацара лыцхраара шлылымшоз (Руфь 1:11—13). Аха уажәы лара агәыӷра лызцәырҵит. Лара Руфь дналыдгыланы илалҳәеит: «Сыӡӷаб, ибзысымԥшаари бахьынхалаша аҭыԥ?» (Руфь 3:1). Усҟантәи аамҭақәа рзы ишаԥыз еиԥш аҭаацәа рхәыҷқәа аҭаацәара алаларазы ахаҵа, ма аԥҳәыс дырзырыԥшаауан, Руфьгьы Ноеминь аԥҳа леиԥш дылзыҟалеит. Лара илҭахын Руфь илзылыԥшаарц «[д]ахьынхалаша аҭыԥ» — илеиҷаҳало, аԥсҭазаара бзиа лызҭо лхаҵа иҿы. Иҟалҵар лылшози Ноеминь?

11, 12. а) Иарбан қәҵараз Анцәа Изакәан аҟынтә Ноеминь зыӡбахә лымаз, Вооз «аҿыхразы азин змоу дреиуоуп» ҳәа анылҳәоз? б) Дышԥазнеи Руфь ланхәа илылҭаз алабжьара?

11 Руфь раԥхьаӡа акәны Вооз иӡбахә анылҳәа, Ноеминь ус лалҳәеит: «Ари ауаҩы ҳара дҳауоуп. Аҿыхразы азин змоу дреиуоуп иара» (Руфь 2:20). Иаанагози уи? Анцәа Изакәан аҿы иҟан қәҵарақәак, аҭаацәара ныҟәызго данԥслак ашьҭахь, иӷарны иаанхо иҵакыра реиҷаҳара атәы зныз. Аԥҳәыс ахәыҷқәа лымаӡамкәа лхаҵа дыԥсызар, лҭагылазаашьа еиҳагьы ицәгьахон, избанзар лхаҵа ишьҭра назыгӡо аанхомызт. Анцәа Изакәан инақәыршәаны аԥҳәысеиба лабхәында дигар илшон, илоуа аҵеи иԥсыз ишьҭра наигӡарц, насгьы аҭаацәаратә мазара дахылаԥшларц азы * (Ҩынтә. 25:5—7).

12 Ноеминь илыӡбаз Руфь илзеиҭалҳәеит. Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит ари аԥҳәызба ланхәа лажәақәа шаҟа иџьашьаны дырзыӡырҩуаз. Израильтәи Азакәан лара лзы макьана иҿыцын, насгьы илзымдыруаз аҵасқәа рацәан. Аха Руфь Ноеминь даара пату лықәылҵон, убри аҟынтә зҿлымҳарала дылзыӡырҩуан. Ноеминь илылҭаз алабжьара ччархәызшәа, насгьы улазырҟәуа ак акәызшәа лнарбар алшон. Ус шакәызгьы, Руфь ланхәа дылзыӡырҩит. Лара ахынраалара аарԥшны илҳәеит: «Ишыбҳәаз еиԥшҵәҟьа иҟасҵоит» (Руфь 3:5).

13. Иаҳнарҵозеи Руфь лҿырԥшы, аиҳабацәа рҟынтә алабжьарақәа ҳшырзыҟазар ахәҭоу аганахьала? (Шәахәаԥш иара убас Иов 12:12.)

13 Зны-зынла аҿар ирцәыцәгьоуп аиҳабацәа, насгьы еиҳа аԥышәа змоу рзыӡырҩра. Урҭ ргәы иаанагозар ҟалоит, аҿар зықәшәо апроблемақәеи ауадаҩрақәеи аиҳабацәа аҵыхәтәанынӡа ирзеилкаауам ҳәа. Руфь лхынраалара иаҳнарбоит бзиа ҳазбо, насгьы абзиара ҳзеиӷьазшьо аиҳабацәа рҟәыӷара ҳазыӡырҩлар, ҳара алҵшәа бзиа шҳауа. (Шәаԥхьа Аԥсалом 70:17, 18 [71:17, 18, АдҾ].) Аха иарбан лабжьароу Ноеминь Руфь илылҭаз, насгьы илыхәама уи дахьылзыӡырҩыз?

Руфь Вооз иахь днеиуеит

14. Изакәызеи алаҳәарҭа, насгьы иарбан усыз уа инарыгӡоз?

14 Уи ауха Руфь дцеит алаҳәарҭахь — ус иахьӡын адгьылқәаарыхыҩцәа арыц ахьырҭәаҭәоз, насгьы иахьырыԥшшоз ирапан иҟаҵаз адгьыл. Уи алаҳәарҭа ахәы ахылаӷьара, мамзаргьы ахықәцәаҿы иҟан, уаҟа хәылбыҽхала аԥша ӷәӷәа асуан. Арыц аԥырчеи ачази аҟынтә аилыхразы аусуҩцәа идууз аҷҟарапатқәа, ма абаҳақәа рыла иҭәаҭәоу ачарыц анырыԥсаҟьоз, иласыз аԥырча аԥша иагон, ихьанҭаз арыц адгьыл ахь икаԥсон.

15, 16. а) Шәахцәажәа ахәылбыҽха Вооз аусура даналга ашьҭахь алаҳәарҭаҿы иҟалаз. б) Излагәеиҭазеи Вооз Руфь ишьапаҿы дшышьҭаз?

15 Руфь ҭынч аусура нҵәаанӡа дыԥшын. Вооз дахылаԥшуан еиҳа-еиҳа ирацәахоз арыц шырыԥсаҟьоз. Иара изхара акранифа ашьҭахь, арыц еизганы иахьышьҭаз днаваиеит. Иҟалап убасала адгьылқәаарыхыҩцәа рҽаҩра аӷьычцәа рҟынтә ирыхьчозҭгьы. Руфь илбон Вооз ишьҭаларҭа ҭыԥ ширхиоз. Ноеминь илыӡбаз анагӡара аамҭа ааит.

16 Руфь ашьшьыҳәа ицәаз Вооз днаихагылеит. Лгәы ӷәӷәала еисуан. Вооз иԥсыԥ агашьала лара еилылкааит игәы каршәны дшыцәаз. Убасҟан лара иқәыршә дааҩахан ишьапаҿы днышьҭаланы, дыԥшын. Иҟалап лара аамҭа мцозшәа лбозҭгьы. Ҵхыбжьон Вооз ахьҭа дакын, даақәацеит. Ишьапқәа хиҩарц азы иҽанышьҭих, иааигәара аӡә дшышьҭаз гәеиҭеит. Вооз ибеит «ишьапаҿы аԥҳәыс дшышьҭаз»! (Руфь 3:8).

17. Иарбан фактқәоу ибжьарыжьыз Руфь лхымҩаԥгашьа ицқьам аҵакы азҭо ауаа?

17 «Уарбану?» — дҵааит иара. Дахьшәоз аҟынтә лыбжьы ҵысуа аҭак ҟалҵеит: «Сара Руфь соуп, уара утәы... Дыхҩа утәы умаҭәа акалҭ ала, избанзар уара иумоуп аҿыхразы азин» (Руфь 3:9). Иахьатәи библиаҭҵааҩцәақәак Руфь лхымҩаԥгашьеи лажәақәеи асексуалтә ҵакы арҭоит, аха дара ҩ-фактк бжьарыжьит. Акы, Руфь усҟантәи аҵасқәа инарықәыршәаны лхы мҩаԥылгон, уи иахьатәи ауаҩы изеилымкаар алшоит. Ииашахомызт Руфь лхымҩаԥгашьа иахьатәи илаҟәу амораль ала ахәаԥшра. Ҩбагьы, Вооз Руфь лхымҩаԥгашьа ишақәҿиҭыз иаанарԥшуеит, уи гәаԥхашәала ицқьоу, иреиҳаӡоу арҽхәара иаԥсоу ак еиԥш ишидикылаз.

Руфь лхы мацара дашьҭамызт, лмотивқәа цқьан

18. Лгәы шԥаирҭынчи Вооз Руфь, насгьы иарбан лқьиара зныԥшуаз ҿырԥштәқәоу иааигаз?

18 Вооз Руфь хаала, қьиарала даалацәажәеит, уи, ҳәарада, лгәы арҭынчит. Иара иҳәеит: «Сыԥҳа, дыбзылԥхааит Иегова. Бара уажәы иаабырԥшыз абзиабара зҵоу ақьиара уаанӡатәи аасҭа еиҳауп, избанзар бара бишьҭамлаӡеит ахаҵа иҿақәоу рҟынтә — иӷару, ма ибеиоу» (Руфь 3:10). Руфь иаалырԥшыз «уаанӡатәи» абзиабара зҵоу ақьиара ҵакыс иамаз, Ноеминь дылхылаԥшларц азы Израильҟа дахьлыццаз акәын. Аха аҵыхәтәантәи абзиабара зҵоу ақьиара уажәы иаалырԥшыз ауп. Вооз иазгәеиҭеит Руфь леиԥш иҟоу аԥҳәызба далылхыр шлылшоз ахаҵа иҿақәоу рҟынтә — иӷару, ма ибеиоу. Аха лара, Ноеминь лахь ақьиара аарԥшра адагьы, иԥсыз лхаҵа иԥсадгьыл аҿы ихьӡ еиҭашьақәлыргыларц лҭахын. Иџьашьатәӡам Вооз ари аԥҳәызба лхамеигӡара ахьигәаԥхаз.

19, 20. а) Избан Вооз иаразнак Руфь ԥҳәысс дзимгаз? б) Ишԥааирԥши Вооз ақьиареи азыҳаҵҳаҵареи Руфь лахь, насгьы лрепутациахь?

19 Вооз инациҵеит: «Сыԥҳа, уажәшьҭа бымшәан. Сара бзызсыҳәо зегьы насыгӡоит, избанзар сықалақь агәашәқәа рҿы зегьы ирдыруеит бара иаԥсоу аԥҳәыс шбакәу» (Руфь 3:11). Иара Руфь ԥҳәысс дигартә алшара ахьиоуз деигәырӷьеит. Иҟалап иара зынӡагьы иџьаимшьазар лара дҿихырц дахьиҳәаз. Вооз дуаҩ иашан, насгьы игәазыҳәарақәа мацара дрызхәыцӡомызт. Иара Руфь илеиҳәеит Ноеминь лҭаацәара еиҳа иазааигәоу, лара лҿыхра зылшо аӡә дшыҟоу. Вооз иӡбеит раԥхьа уи ахаҵа диацәажәарц, нас Руфь ԥҳәысс лгара идигаларц.

Руфь арепутациа бзиа лырҳаит, избанзар ауаа ҳаҭырлеи қьиаралеи дырзыҟан

20 Вооз Руфь длыҳәоит шьыжьынӡа даангыларц, нас аӡәгьы ианимбо лыҩныҟа дцарц. Иара хьаас иман ррепутациа, избанзар ауаа ргәы иаанагар рылшон урҭ игәаԥхашәадоу аизыҟазаашьа рыбжьазшәа. Нас Руфь Вооз ишьапаҿы деиҭашьҭа́леит. Лара еиҳа лгәы арҭынчит иара қьиарала дахьлызныҟәаз. Ишылашьцаз иара меигӡарахда ачаԥшь ақәыршә илзылаиԥсеит, нас лара Вифлеемҟа дхынҳәит. (Шәаԥхьа Руфь 3:13—15.)

21. Излымази Руфь «пату зқәу аԥҳәыс» ҳәа арепутациа, насгьы ишԥаҳалшо ҳара уи лҿыԥшра?

21 Руфь дазхәыцуан Вооз лара лзы ииҳәаз. Иара «пату зқәу аԥҳәыс» ҳәа лзиҳәеит. Иажәақәа лгәы дырԥхеит. Руфь Иегова иеилкаареи имаҵ ауреи лҽазылшәон азы ауп ус еиԥш иҟоу арепутациа злымаз. Уи адагьы, лара Ноеминь лахь иаалырԥшит акы еиԥшымыз ақьиареи агәрыцҳашьареи, насгьы уи лыжәлар бзиа илбеит. Руфь гәахәарыла илыдылкылеит илыцәтәымыз аҵасқәеи ақьабзқәеи. Ари аԥҳәызба лыгәрахаҵара ҳаҿыԥшуазар, ҳара егьырҭ қьиарала ҳарзыҟазаауеит, насгьы рҵасқәа пату рықәаҳҵалоит. Усҟан ҳаргьы иҳаур ҳалшоит иаԥсоу ауаа ҳәа ахьӡ.

Руфь ахыҵакырҭа лыԥшааит

22, 23. а) Иаҵанакуази Вооз иҳамҭа? (Шәахәаԥш албаага.) б) Иарбан лабжьароу Ноеминь Руфь илылҭаз?

22 «Базусҭада, сыӡӷаб?» — дҵааит Ноеминь, Руфь аҩныҟа даныхынҳә. Иҟалап лара ари аҩыза азҵаара злылҭаз иахьылашьцаз азы акәызҭгьы. Ишыҟазаалакгьы, лара еилылкаар лҭахын Руфь изаҵәу ԥҳәысеибаны даанхома, мамзаргьы хаҵацара алшара лоума. Руфь ланхәа иҟалаз зегьы лзеиҭалҳәеит. Иара убас, лара иллырбеит Вооз иҳамҭа ҳалал — ақәыршә азна ачаԥшь * (Руфь 3:16, 17).

23 Ноеминь Руфь илабжьалгеит уи аҽны амхурсҭахьы дымцакәа аҩны даангыларц. Лара агәра ллыргеит: «Уи ауаҩ иҽирҭынчӡом ари аус иахьаҵәҟьа инаигӡаанӡа» (Руфь 3:18).

24, 25. а) Ишԥааирԥши Вооз дышиашоу, насгьы ихы мацара дшазымхәыцуа? б) Ишԥалоуи Руфь азылԥхарақәа?

24 Ноеминь диашан. Вооз дцеит ақалақь аиҳабацәа ахьеизоз ақалақь агәашәқәа рахь, уаҟа Ноеминь иԥсхьаз лхаҵа иуа дизыԥшырц азы. Ашаҳаҭцәа рҿаԥхьа Вооз уи идигалоит Руфь дҿыхны ԥҳәысс дигарц. Аха иара мап ацәикит сыхнарҵәоит ҳәа. Усҟан Вооз ашаҳаҭцәа ишраҳауаз иҳәеит Ноеминь иԥсхьаз лхаҵа Елимелех имазара шҿихуа, иара убас Елимелех иԥа Махлон еибахаз иԥҳәыс Руфь ԥҳәысс дшиго. Вооз иҳәеит убас ала «иԥсыз ишьҭраҿы уи ихьӡ ашьақәыргылара» дшақәгәыӷуа (Руфь 4:1—10). Иҵабыргыҵәҟьаны, Вооз ииашаз, зхы мацара иашьҭамыз уаҩын!

25 Вооз Руфь ԥҳәысс дигеит. Абиблиаҿы иануп: «Иегова иҟынтә ҳамҭахеит лара лцәалтәымра, аԥагьы длоуит». Вифлеем инхоз аҳәса Ноеминь илеигәырӷьон, Руфьгьы ланхәа лзы быжьҩык аԥацәа дреиӷьуп ҳәа ддырҽхәон. Руфь лԥа аҳ ду Давид иабду иакәхеит (Руфь 4:11—22). Давид Иисус Христос иабду иакәхеит (Матф. 1:1) *.

Иегова Руфь дылзылԥхеит, Амессиа лара илхылҵшьҭрахаз иакәхеит

26. Иаҳгәаланаршәозеи ҳара Руфьи Ноеминьи рҿырԥшы?

26 Иегова Руфь дылзылԥхеит, иара убас ахәыҷы иааӡараҿы зҭаца илыцхраауаз Ноеминьгьы. Лара уи ахәыҷы лԥа иеиԥш дизыҟан. Арҭ ҩыџьа аҳәса рҿырԥшы иаҳгәаланаршәоит Анцәа Иегова ишгәеиҭо иуадаҩу аус иацәыԥхамшьо ауаа зегьы, насгьы иалихыз ижәлар ирылагыланы, изиашаны имаҵ рыцызуа. Иара еснагь дырзылԥхоит изиашоу ауаа Воози, Ноеминьи, Руфьи реиԥш иҟоу.

^ 7 абз. Ноеминь лажәақәа рыла, Иегова ақьиара ааирԥшуеит зыԥсы ҭоу рахь еиԥш, иԥсхьоу рахьгьы. Уи лхаҵеи ҩыџьа лԥацәеи лыгхеит. Руфьгьы лхаҵа длыгхеит. Дарбанзаалак Руфьи Ноеминьи рахь ақьиара аазырԥшуаз ауаҩы урҭ ахацәа рахьгьы ақьиара ааирԥшуан ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ҳәарада, дара ирҭаххон акыр ирзаԥсаз рыҳәсақәа аӡә дреиҷаҳаларц.

^ 11 абз. Ҳәарада, еибахаз ԥҳәысс лгара раԥхьа азин змаз иԥсыз ауаҩы иашьцәа ракәын, нас иааигәоу иуацәа ракәын, уи азакәан иԥсыз имазарагьы аҵанакуан (Ахыԥхь. 27:5—11).

^ 22 абз. Вооз Руфь илиҭеит икапаным ф-загак арыц, иҟалап уи ала иааирԥшызар аусуратә мшқәа фба рышьҭахь аԥсшьарамшқәа шыҟало еиԥш, убас лџьабаамшқәеи леибареи иаарласны ԥсшьарала ишыԥсаххо лхаҵа иҩнаҭаҿы. Иҟалап ф-загак — ари ирҭәу ф-баҳаҿык аҟара арыц акәзар, Руфь илзышьҭыхуаз.

^ 25 абз. Руфь Иисус ихылҵшьҭраҿы зыӡбахә ҳәоу хәҩык аҳәса дреиуан. Вооз иан Раавгьы урҭ рахь даҵанакуан (Матф. 1:3, 5, 6, 16). Руфь леиԥш уи Израиль датәымызт.